Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Аԥсуаа ахшара дызмауаз аԥҳәыс илыцхрааразы имҩаԥыргон ақьабзқәа. Урҭ рахьтә акык-ҩбак шәыдаагалоит, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат адоцент Сима Дбарԥҳа лусумҭақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Sputnik

Иахьатәи аамҭазы ахшара дызмауа аҳәса реиҳарак амедицинахь ихьаԥшуеит ацхырааразы. Иҟоуп иара убасгьы жәлар рыхәшәқәа зхы иазырхәогьы. Аԥсуа фольклор аҟны ахшара дызмам аԥҳәыси ӡы зҭам аҵеџьи еиҿдырԥшуан.

Ахшараиура ацхрааразы ажәытә рхы иадырхәон еиуеиԥшым аҳаскьынқәа. Иаҳҳәап, аҳәынҷараҳ мамзаргьы аҳәынҷарахәшә. Уи абӷьыцқәа аӡы рылхны литрак ацха цқьа иалаӡҩан идыршуан ҩбаҟа сааҭ. Иара мышкахьы хынтә мҳаҵәк-мҳаҵәк аԥҳәыс илдыржәуан.

Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Аныҳәара

Иара убасгьы ахшарадара аԥырҟәҟәааразы аԥсуаа аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Ачара ашьҭахь хымз ааҵуаны аҭаца Анана-Шацәа дрыҳәо далагон ахшара лаҭәаршьарц азы. Кәырбанс иҟарҵон ацә ма арбаӷьқәа ҩба, акәакәар, аӷәазала, ацәашьы рыцҵаны.

Ажьираҟны аныҳәара

Ажьираҟны аныҳәара мҩаԥыргон ахшара дызмауаз аԥҳәыс лҭаацәа мамзаргьы лхаҵа иҭаацәа ажьира рымазар. Аԥхьа лара лхаҵа иуацәа лыцны лабраахь инеиуан. Аныҳәара амҩаԥгаразы иахәҭаны иҟаз зегьы уахь инаргон, аӡи амҿи рыда. Хымԥада инаргон хәыц еиқәаҵәа зламыз аџьма шкәакәа. Ақьабз ашәахьа ма ахәаша амра ҭашәаанӡа имҩаԥыргон. Дныҳәон ахшара дызмауз лаб мамзаргьы лашьеиҳаб. Аныҳәара ашьҭахь лара лхаҵа иҩныҟа дхынҳәуан, лабраахь ианцоз иргаз иарбанызаалак амаҭәаргьы ырхынҳәны иаалгон. Џьара акы лхашҭыр, аныҳәара амч ыӡуеит ҳәа иршьон.

Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Аамҭақәак рышьҭахь, шәахьак ма хәашак аҽны аныҳәара мҩаԥыргон лхаҵа иҩнаҭаҿы. Убри аан аныҳәара ҟаиҵон лабхәа, мамзаргьы лхаҵа ижәлантә иреиҳабыз ауаҩы.

Амассаж

Аԥҳәыс ахшара дзылмоуа илылачны иҟоу ачымазароуп изыхҟьо ҳәа рыԥхьаӡозар, аԥҳәысеилыргаҩ днарыԥхьон. Уи аԥҳәыс амассаж лзыҟалҵон, аласалых цқьа иалхыз акасы лыбӷа иакәлыршаларц лабжьылгон.

Аԥшра

Лассы-лассы ахшара дызмауаз аҳәса ахәаџьацәа рахь инеиуан, аԥшыҩцәа рахь ҵаара инеиуан. Урҭ хымԥада ирыцхраауеит ҳәа агәрагара рыман. Имаҷҩымкәа аҳәса ахәаџьа шәҟәқәа ныҟәыргон. Урҭ ацәгьа-мыцәгьа рыԥхьанацоит ҳәа иршьон.

Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Атәым хәыҷы иааӡара

Иҟан агәрагара атәым хәыҷы ааӡара даазгаз аԥҳәыс хымԥада лхаҭа ахшара лцәа далашәоит ҳәа. Аиҳарак аҷкәынцәа ракәын ааӡара иааргоз. Ахәыҷы даниҵәҟьаз ааӡара дыргозар, иҷапанхәҭагь ргон. Ахәыҷы ааӡара даазгаз аԥҳәыс ахәыҷы иҷапанхәҭа анышәаԥшь иларкәымпылны аҩны аҭӡы иалалшьыхуан. Уи ала иара аҩны ихатәык еиԥш ибо дҟалоит ҳәа ишьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: