Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩ ҿыц далхуп

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа – Аконституциа ахьчара иазырхоу, иара ахәҭаҷқәа рынагӡара еиқәзыршәо аӡбарҭатә мчра иаусбарҭаны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩ ҿыцс далхуп Лиудмила Хоџьашьвили. Абри атәы аанацҳауеит Аконституциатә ӡбарҭа асаит.

2021 шықәса жәабран 27 рзы уаанӡатәи ахантәаҩы Нури Ҭаниеи, ихаҭыԥуаҩ Лиудмила Хоџьашьвилии, аӡбаҩ-маӡаныҟәгаҩ Рауль Ԥанҭиеи рзинмчрақәа рыҿҳәара нҵәеит.

Хәажәкыра 1 азы иаркыз аилатәараҿы имҩаԥган арҭ амаҵзураҭыԥқәа рахь алхрақәа.

Абри аан иалхын: ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩыс Диана Ԥлиаԥҳа, аӡбаҩ-маӡаныҟәгаҩыс - Нури Ҭаниа.

Аԥсны иаԥҵоуп Аконституциатә реформазы Акомиссиа

Аконституциатә ӡбарҭа шьақәгылоуп хәҩык аӡбаҩцәа рыла - Нури Ҭаниа, Рауль Ԥанҭиа, Диана Ԥлиаԥҳа, Лиудмила Хоџьашьвили, Алиса Бигәааԥҳа.

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа – Аконституциа ахьчара иазырхоу, иара ахәҭаҷқәа рынагӡара еиқәзыршәо аӡбарҭатә мчра иаусбарҭаны иҟоуп.

Лиудмила Хоџьашвили диит ажьырныҳәа 6 1957 шықәсазы. 1980-1983 шш. рзы Туркмениатәи ССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара амаӡаныҟәгаҩс дыҟан.

2005-2011 шш. рзы - Аԥсны Аиустициа аминистрс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: