АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи рсистема ареформа азура ирзырхоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аконституциа ареформазы Акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа.
Акомиссиа анапхгаҩыс дҟалоит Наҭелла Акаԥҳа - Аԥсны Аҳәса рассоциациа анапхгара ахантәаҩы.
Акомиссиа аилазаара иалалеит: Асҭамыр Аппба, Саида Быҭәԥҳа, Витали Габниа, Гиви Габниа, Саид Гьезердаа, Кама Џьынџьал, Арда Иналиԥа, Ҭамаз Қьецба, Олег Папасқьыр, Диана Ԥлиаԥҳа, Сергеи Смыр, Баҭал Табаӷәуа, Алхас Тхагушев, Асҭамыр Ҭаниа.
Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.
Аконституциахь аиҭакрақәа изныкымкәа иаларгалахьан.
1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахижьҭеи аӡбаҩцәа алырхуа иалауеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.
2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа, иара убас ишьақәырӷәӷәан ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма иԥызкуа, Аԥсны ахьыԥшымреи ма аҵакыратә акзаареи ирԥырхагоу, ажәлар рымчра, амчрақәа реихшара апринцип иаҿагылоу, адгьыли ма егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы ахатәтәра аҳәынҭқарратә форма зыԥсахуа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә бызшәа астатус еиҭазкуа аиҭакрақәа ралагалара шыҟамло азы ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп.
Жәабранмза 2016 шықәсазы амчра аиуит Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа алазгало Ахшараиура аԥыргара иақәиҭмызтәуа "Ан лгәабзиареи имиц ахәыҷи рыԥсҭазаарақәа рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект. Уи ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәсазы Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Табаӷәуа: Аԥсны Аконституциа иалагалоу аԥсахрақәа анализ рызузар ахәҭоуп
-
Дамениа: аус злоу Аконституциа иагу акәӡам, уи иаҳәо ҳақәныҟәалароуп