Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥқәа зегь рыҟны авидеорбагақәа ықәыргылоуп

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рыламҭалаз аинтернет-проваидер "Система" алхырҭатә ҭыԥқәа зегь рыҟны авидеорбагақәа ықәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит апроваидер Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит

Онлаин транслиациа мҩаԥыслоит алхратә комиссиа апортали апроваидер исаити рҿы. Акамерақәа ықәыргылоуп акомиссиа аҳәарала, алхрақәа реилыккаразы.

Хәажәкыра ҩба рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан инақәыршәаны аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит. Дара рнапы иануп: аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара, амуниципалтә хатәтәра ахархәареи анапхгареи, аҩныҵҟатәи аусқәа, аҵара, акультура, ақыҭанхамҩа рнапхгаҩцәа раҭараан ақәшаҳаҭхара. Ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә, егьырҭ азҵаарақәа.