Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Абхазии
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2020 шықәса абҵара 1 азы, аха акоронавирус ҭагылазаашьа иахырҟьаны ииаган 2021 шықәса мшаԥы 11 ахь.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Хәажәкыра ҩба рзы Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь акандидатцәа рҭаҩра иалагеит. Азакәан инақәыршәаны апроцедура алхрақәа рымш 40 мшы шагу иалагароуп, абжьыҭара амш 20 мшы шагу ихыркәшахароуп.

2020 шықәса цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа 2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаԥысраны иҟаз ииаргеит акоронавирус ҭагылазаашьа иахырҟьаны 2021 шықәса мшаԥы 11 ахь.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан инақәыршәаны алхратә еиҿкаара азин амоуп кандидатк алхратә округ аҟынтәи иқәыргылара.

Алхыҩцәа ргәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп.

Выборы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан "зегьы сырҿагылоуп" аграфа алырхит

"Иарбо агәыԥ ашәҟәы иҭаргалоит ақалақь, араион, аҳабла, ақыҭа рҟны иҟоу алхратә комиссиаҿы. Ақалақь, араион реизарахь адепутатрахь акандидат иқәгыларазы алхыҩцәа ргәыԥ 50 иреиҵамкәа 70 иреиҳамкәа напынҵамҭа еизыргароуп, ақыҭа, аҳабла реизарахь – 10 напынҵамҭак иреиҵамкәа" ҳәа аҳәоит азакәан.

Алхыҩ ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟә ма уи зыԥсахуа адокумент аномер ахьарбоу анапынҵаратә бӷьыц аҟны инапы аниҵоит.

Анапынҵаратә бӷьыц шьақәирӷәӷәоит анапынҵамҭақәа реизгара азин змоу ахаҿы (ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟә ма уи зыԥсахуа адокумент аномер арбаны).

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу.

Аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 1998 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0