Аҳәынҭкомиссиа Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аусумҭақәа хԥа алнакааит

Жәабран 24 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартын аиндаҭларахь инагаз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭкомиссиа хәажәкыра 3 рзы Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аусумҭақәа хԥа алнакааит, абри атәы иҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Гудиса Агрба.

Аусумҭақәа руак, Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа ашҭаҿы ақәыргыларазы ирхиаз акомиссиа ахаҭарнакцәа мап ацәыркит, иҳәеит аминистр.

Аҳәынҭкомиссиа Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аусумҭақәа хԥа алнакааит

"Аҳәынҭкомиссиа аилатәара аихшьаалақәа рыла иӡбан ари аиндаҭлара ҩ-етапкны еихшазарц. Актәи аетап аҿы иреиӷьқәаз х-проектк алхын – аномерқәа 2, 3, 9. Арҭ апроектқәа аус еиҭарыдулахоит. Аҩбатәи аетап аан иреиӷьу алкаахоит", - иҳәеит аминистр.

Гудиса Агрба иазгәеиҭеит апроектқәа аиҭаусрыдулара рҭахны ишыҟоу, избанзар аиндаҭлара аԥҟарала апроектқәа иазыԥхьагәарҭар ауп абаҟа ахаҭеиԥш акәша-мыкәшатәи аҵакыра арԥшӡарагьы.

Аҳәынҭкомиссиа Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы аусумҭақәа хԥа алнакааит

"Иҟоуп аусумҭа бзиақәа, аха ашҭа арԥшӡара азыԥхьагәаҭам, иара убасгьы иҟоуп ашҭа аҵакыра аиҭакра азыԥхьагәазҭо аха иара абаҟа ахаҭа азымхара аманы", - иҳәеит аминистр.

Иалху рҟынтәи аусумҭа №3 абаҟа азгәанаҭом, аха аҩбатәи атур аҟны уи аус рҽеихоит. Гудиса Агрба иҳәеит амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭкомиссиа хәажәкыра 10 рзы ишеизо, уа иалкаау ах-усумҭак рганахь ала абжьгарақәа шыҟаҵахо.

Агрба иҳәеит апроектқәа рынагӡара аҿҳәара макьана ишалацәажәам, аиааиҩы даналкаахо ашьҭахь атәыла аиҳабыра апроект анагӡара аԥаразоужьра ишалацәажәо.

"Абаҟақәа ҿаҳҵозар, аҟазауаа ишырҳәо ала шықәсыки бжаки, ҩышықәса аамҭа аҭаххоит", - иҳәеит иара.

Аиндаҭлара иалахәуп апроектқәа жәба. Урҭ рҟынтәи ааба Аҟәа атема иадҳәалоуп. Абаҟа ықәыргылахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Иара убасгьы абаҟа ықәыргылахараны иҟоуп Очамчыра араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа.

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.

Жәабран 24 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартын аиндаҭларахь инагаз аусумҭақәа рцәыргақәҵа.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәса рзы.