Амедиагәыԥ "Россия сегодня" ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра рыланаҳәеит

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" ирыланаҳәаз ари аицлабра еицырдыруа адиктор Иури Левитан ихьӡ ахуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" еицырдыруа адиктор Иури Левитан ихьӡ зху аицлабра "Ҳаамҭа афырхаҵа" шхацнаркуа рыланаҳәеит.

Ажурналистцәеи аблогерцәеи ԥшь-номинациак: автортә телехәаԥшратә программа, автортә радиопрограмма, аудиоподкаст, авидеоблог рахь инарышьҭыр рылшоит русумҭақәа. Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2021 шықәса лаҵара 5 рҟынӡа апроект адаҟьаҿы – асаит ria.ru.

Аицлабра ажиури иалахәуп еицырдыруа ажурналистцәа, ателе, арадиомҩаԥгаҩцәа, амедиаекспертцәа.

Ашорт-лист ркьыԥхьуеит рашәара 15 рзы апроект адаҟьаҿы. Иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2021 шықәса рашәара 24 рзы онлаин-форматла.

SputnikPro: "МИА "Россия сегодня" аредакциатә "кҿаҩра". Апрофессионалтә ҟазара амаӡақәа"

Номинациацыԥхьаӡа аԥхьахә иартәоит 80 000 мааҭ. Иаиааиз иранашьахоит аԥаратә аԥхьахә, адиплом. 2, 3 аҭыԥ аанызкыло агәаларшәагатә дипломқәа роуеит.

"Аицлабра, зеиԥш дыҟамыз адиктор Иури Борис-иԥа Левитан ихьӡ зху, хацыркхеит "Совинформбюро" 80 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Ҳара ҳзы апроект – аҽазныкгьы ҳаамҭа афырхацәа рыӡбахә алацәажәара алнаршоит. Иаҳҭахуп ажурналистцәеи аблогерцәеи рҟыбаҩ аарԥшра рылҳаршарц", - иҳәеит "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев.

Аицлабра алахәылацәа русумҭақәа автортә стиль рымазароуп, аидеиа аоригиналра аҵазароуп, аҟазареи аҟыбаҩи рыдагьы азыӡырҩи ахәаԥшҩи ргәаҵанӡа инеиуазароуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху 2021 шықәсазтәи аконкурс ажиури алыркааит

Аицлабра хацыркхеит "Совинформбюро" 80 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи амш азы зшьапы зкыз "Совинформбюро" хыҵхырҭаны ироуит иналукааша жәларбжьаратәи ажәабжьтә маҵзурақәа: Акьыԥхьтә маҵзура "Новости", РИА Новости, Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня".

Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" — жәларбжьаратә медиагәыԥуп. Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарҭбааны, оперативла, ишәаны-изаны иазнеины иаанарԥшуеит. Иарахьы аҳәаанырцә иаҵанакуеит: амаҵзуреи арадиои Sputnik, Урыстәыла аҩныҵҟа – РИА Новости, Прайм, ИноСМИ, Украина.ру, Baltnews, ТОК. Амаҵзура иара убасгьы аԥыжәара амоуп урыстәылатәи асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҟны аиҭаҳәарала. "России сегодня" ажәабжьқәа рзыӡырыҩрра алшоит ателеграм-канал апресс-маҵзураҿы - "Зубовский, 4".