Андреи Стенин ихьӡ зху 2021 шықәсазтәи аконкурс ажиури алыркааит

© Sputnik / Александр Арефьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Претории
Открытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Претории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости", "Спорт".

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. 2021 шықәсазы Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ажиури алырхит.

Ажиури иалахәхоит: ажурнал "Штерн" (Stern) афотодиректор Андреас Трамп (Германиа); ажурнал "ГЕО" (GEO) анемец версиа ихьыԥшым акуратор, афоторедактор Рут Аиххорн (Германиа); Лоди имҩаԥысуа есышықәсатәи аетникатә фотосахьа Афестиваль (Festival della Fotografia Etica) акоординатор Альберто Прина (Италиа); амедиагәыԥ "Индепендент Медиа" (Independent Media) афоторедактор Иан Лендсберг; ҩынтә адунеитә фотоԥхьахә World Press Photo заухьо, РИА Новости афотокорреспондент ҷыда Валери Мельников (Урыстәыла); изныкымкәа жәларбжьаратәи афотоԥхьахәқәа заухьо, Жәларбжьаратәи афотомаҵзура "Нур" (Noor) ашьаҭаркҩы Иури Козырев (Урыстәыла).

Церемония объявления победителей VI Международного конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2020 года - Sputnik Аҧсны
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит

"Сара сзы иҳаҭыр дууп Стенин ихьӡ зху аицлабра ажиури алахәхаразы иахьсыԥхьаз. Андреи фотоҭыхыҩ бзиан, дыпрофессионалын. Уи ахашҭра ҟалом. Сара сзы иарбанызаалак аицлабра ламысцқьала аусуроуп: иҟасҵаз, изуз зегьы реихшьаала ҟасҵон. Уи адагьы сынтәатәи ашықәс имариаз шықәсымызт зегь ҳзы", - иҳәеит изныкымкәа жәларбжьаратәи афотоԥхьахәқәа заухьо, Жәларбжьаратәи афотомаҵзура "Нур" (Noor) ашьаҭаркҩы Иури Козырев (Урыстәыла).

2021 шықәсазы аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости", "Спорт". Арзаҳалқәа рыдыркылалоит 2021 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа, асаит stenincontest.ru аҿы аурыс, англыз, акитаи бызшәақәа рыла.

"Сынтәа Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ажиури срылахәхоит. Шықәсқәак раԥхьагьы ажиури аилазаараҿы сыҟан. Усҟангьы аицлабра раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟанаҵозгьы аинтерес змаз аусумҭақәа рацәаны иаашьҭын. Уи сара сзы ираԥхьатәиз ԥышәан асеиԥш аҩаӡара змоу аицлабра ажиури алахәылак иҳасаб ала. Сгәыӷуеит сынтәагьы аусумҭа шьахәқәа аабап ҳәа Урыстәылеиԥш адунеи зегьы аамҭа уадаҩ ишҭагылоугьы. Афотоҭыхыҩцәа ааԥхьара рысҭоит ари ашықәс шырхыргаз адунеи иадырдырырц", - иҳәеит ҩынтә адунеитә фотоԥхьахә World Press Photo заухьо, РИА Новости афотокорреспондент ҷыда Валери Мельников.

Аиндаҭлара 2021 шықәса рзы аԥхьахәтә фонд иартәоит 125 000, 100 000, 75 000 мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" иартәоит 700 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

Афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рзы аҵакы аманы иҟалоит урыстәылатәии Европа, Азиа, Латынтәи Америка, Африка, Мрагылара Ааигәа реиԥш иҟоу жәларбжьаратәии аплошьчадкақәа рҿы ахаарԥшра ахьрылшо

2018 шықәса раахыс арахь иаҵанакуеит ООН Ниу-Иорктәи аштаб-квартирагьы. 2019 шықәса раахыс ацәыргақәҵақәа мҩаԥыргоит Европа Ахеилак аҿы, Страсбург.

Ажәабжьқәа зегьы
0