SputnikPro: "МИА "Россия сегодня" аредакциатә "кҿаҩра". Апрофессионалтә ҟазара амаӡақәа"

© SputnikSputnik PRO
Sputnik PRO - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik онлаин-сессиақәа мҩаԥнагоит арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Нанҳәа 7, асааҭ 13:00 рзы имҩаԥгахоит авебинар абри атемала: " МИА "Россия сегодня аредакциоатә "кҿаҩра". Апрофессионалтә ҟазара амаӡақәа".

Онлаин-сессиа мҩаԥигоит МИА "Россия сегодня" аинформациатә дирекциа Хада адиректор Дмитри Горностаев. Иара далацәажәоит ажәабжьтә редакциа аиҿкаашьа, аформатқәеи астандартқәеи, аинформациа азыҟаҵашьа, МИА "Россия сегодня" иахьазы еиҳа зыӡбахә рҳәо маҵзураны ашьақәгылашьа ртәы.

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа. Ахалархәра зҭаху зегьы заанаҵ аформа хадырҭәаарц аҳәара ҟаҳҵоит. Зыҽҭазҩыз рахь оналин-сессиа алагаанӡа сааҭк шыбжьоу ашәҟәы рзынаҳашьҭуеит уи шәаҭаарц алшара шшәоуа арбаны. Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит абри аҭел ала: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0