Ахра Аҩӡба иҩнаҟны абџьари аџьаԥҳани рыԥшааит

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны АШәМ ахь днаган. Аҩны аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥган.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи Ахра Аҩӡба иҩнаҟны абџьари аџьаԥҳани дәылыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Хәажәкыра 4 рзы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан инхо Ахра Аҩӡба иҩны имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны иаарԥшын:

  • еиуеиԥшым агәыцә змоу ахеиқәыршәа азауадтә еилаҳәырала,
  • аҭра иҭамыз ахқәа,
  • анапылатә танкҿагыларатә гранатаршәгақәа,
  • анапылатә пулимиотқәа,
  • апулимиоттә цәаҳәақәа апатронақәа рҭаҵаны,
  • ихысуа автоматикатә бџьар (урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҭыжьымҭақәа),
  • атапанчақәа,
  • ахархәага ҷыдақәа, арадиоеимадаратә шьақәгылақәа.

     

Абџьари аџьаԥҳани Аԥсны ААР аексперт-криминалистикатә центр ахь инашьҭуп. Аматериалқәа апроцессуалтә ӡбамҭа адкыларазы заанаҵтәи аҭҵаарахь инашьҭуп.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны АШәМ ахь днаган. Иҩны иакәшаны игылан азинхьчаратә гәыԥ, аҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргон.

Ахра Аҩӡба данааныркыла ашьҭахь иуацәеи идгылаҩцәеи Аԥсны АШәМ ахыбра аҿаԥхьа еизеит. Ахра Аҩӡба даанкылазар ҟалоит изакәанымкәа бџьарла еибыҭоу Донецктәи жәлар Рреспублика атәылауаа ахьицу азы, ҳәа агәаанагара рымоуп иара иуацәеи идгылаҩцәеи.

Абри азы адырра ҟалеит Аҩӡба иуацәақәак АШәМ ахыбра ианыҩнала ашьҭахь. Дара изларҳәаз ала, Ахра Аҩӡба ицу донецктәи атәылауаагьы аанкылоуп.