Ахра Аҩӡба иԥҳәыс еиҭалҳәеит рыҩны аԥшаарақәа шымҩаԥыргоз

© SputnikДом Ахры Авидзба
Дом Ахры Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны АШәМ ахь днаган. Иара уажәраанӡагьы уа дыҟоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба иҩны хәажәкыра 4 рзы асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз ауаа ҩналеит, адәахьгьы ирацәаҩны иҟан, зынӡа 50-ҩык инарзынаԥшуа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ахра иԥшәмаԥҳәыс Иулиа Аҩӡԥҳа.

"Аҳәҳәара, аҟаара, акомандаҟаҵара… Сара амардуан сылбаауан, автомат сықәкын. Дара зегьы армаҭәа ршәын, џьоукы рҿы аҩымҭа СОБР раԥхьа икыдын", - лҳәоит лара.

Ахра Аҩӡба абри аамҭазы аҩны дыҟамызт. Иулиа ишылҳәо ала иара аҭел изасит, изасыз лара длыздырам, абри ашьҭахь АШәМ ахь дцеит.

Иулиа илҳәеит аҩны аԥшаарақәа аордер ада ишымҩаԥысуаз.

"Ашьыжь асааҭ 8-нӡа аԥшаарақәа мҩаԥыргон. Абри аамҭа зегьы ҳара уахь ҳаҩнарыжьломызт. Автоматла ҳдыршәон. Нас алашара дырцәеит, ҳаргьы иҟарҵоз хылаԥшра ҳзаҭомызт. Азинмчратә усзуҩцәа ҳгәылацәа рашҭаҿыҵәҟьагьы иҟан, урҭ аԥардақәа аадыртыр руамызт", - лҳәоит лара.

Сторонники и родственники Ахры Авидзба собрались у СГБ Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Аҩӡба дзыхдырҟьаз ҳәа идгылаҩцәа гәҩарас ирымоу рҳәеит

Иулиа аҭаацәа рҩыза ҭелла даниацәажәоз лнапқәа ырҵәины аҭел лымырхуан, уи иахҟьаны лыжәҩахыр лыхьуеит.

""Бымцәажәан, аҭел арахь иааг, беиҭамҵын! Ҳәа исықәыҳәҳәон. Сҭел сымызхыз сиазҵааит иршаҳаҭга сирбарц, азин шимоу агәра сиргарц. Аҭакс Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵоуп ҳәа рҳәеит. Иара ара дыҟам, аха ихаҭыԥуаа ыҟоуп рҳәеит", - еиҭалҳәоит Иулиа.

Абарҭ зегь раан аҩны дыҟан Ахра ианԥса, рыуацәа ааигәақәеи ҩыџьа ихьчаҩцәеи. Иулиа ишылҳәо ала дара рыпҟеит, нас идырбаандаҩит.

"Урҭгьы зааныркылаз ҳәа акгьы рарымҳәеит. Абџьар рымамызт, убри аан рдокументқәагьы ирмызҵааит. Иӷәӷәаны ирыпҟеит. Ҳара аҳәҳәара ҳалагеит. Дара ҿагылара ҟарымҵеит. Шәыбжьы шәмырган акәымзар шәаргьы шәҳарбаандаҩуеит ҳәа иҳақәмақарит", - еиҭалҳәоит лара.

Хәажәкыра 4 аахыс Иулиеи иҭахцәеи аӡәгьы ҭелла Ахра имацәажәацт.

"Мчыла дынкыланы дрымоуп, избанзар хара ҳәа акгьы ихарарымҵацт", - лҳәоит Иулиа.

Ахра Аҩӡба иԥҳәыс илҳәоит, лара аӡбарҭахь дашшырц лгәы ишҭоу.

Ахра Аҩӡба дааныркылеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз. Азинхьчаҩцәа иҩны иакәшаны игылоуп, аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳаит акоррреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Ахра Аҩӡба данааныркыла ашьҭахь иуацәеи идгылаҩцәеи Аԥсны АШәМ ахыбра аҿаԥхьа еизеит. Ахра Аҩӡба даанкылазар ҟалоит изакәанымкәа бџьарла еибыҭоу Донецктәи жәлар Рреспублика атәылауаа ахьицу азы ҳәа агәаанагара рымоуп иара иуацәеи идгылаҩцәеи.

Абри азы адырра ҟалеит Аҩӡба иуацәақәак АШәМ ахыбра ианыҩнала ашьҭахь. Дара изларҳәаз ала, Ахра Аҩӡба ицу донецктәи атәылауаагьы аанкылоуп.

2014 шықәса рзы Ахра Донецктәи жәлар Рреспубликаҟа дцеит хатәгәаԥхарала. Ихаҭа еиҿикааз аинтернационалтә гәыԥ, анаҩс абригада "Пятнашка" анапхгаҩыс дҟалеит. Хьыӡшьарас имоуп – "Абхаз". 2015 шықәса рзы ареспублика аҳамҭа хада "Донецктәи Жәлар рреспублика афырхаҵа" ианашьоуп.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иуацәеи идгылаҩцәеи Ашәарҭадаратә маҵзура аҿаԥхьа еизеит

2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылагеит. Урҭ ирылахәыз агәынамӡара аадырԥшуан атәылаҿы ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьазы, Аҟәа аԥшаҳәаҿы 2019 шықәса абҵарамзазы иҟалаз хҩык ауаа рышьра аус аҭҵаашьа ацашьазы. Аҿагыларақәа ирылахәыз Ахада иусбарҭа ашәқәа, аԥенџьырқәа ԥҽны иҩналеит. Арҭ ахҭысқәа реиҿкааҩцәа дыруаӡәкын Ахра Аҩӡба. Арҭ аҿагыларатә акциақәа ирылҵшәаны Аԥсны Апарламент усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц идыргалеит. Иара ԥхьатәара дцеит ажьырныҳәа 12, 2020 шықәсазы.

Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада дицхырааҩхеит, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 9 рзы. 2020 шықәса абҵарамзазы Аҩӡба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал иҩит.

Ажәабжьқәа зегьы
0