Ахра Аҩӡба дзыхьчоз руаӡәк иганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи хәҩык иҩызцәеи аанкылан хәажәкыра 4 рзы, дара ирхарарҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз азы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба дзыхьчоз руаӡәк Станислав Культа мызкы ҭакрала ихигарц азы аӡбамҭа рыдыркылеит, абри атәы иҳәеит уи идукат Роберт Кеииан.

Ахра Аҩӡба иус аӡбра иалагеит АШәМ ахыбраҟны

Аҟәа, АШәМ ахыбраҟны рус рыӡбоит Атәыла ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәеи.

Дара ахара рыдырҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз азы. Абри аус аганахьала иазгәаҭоуп ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрала ахгара.

Ахра Аҩӡба дзыхьчоз ҳәа иаанкыло аҩбатәи Телех Гасанов иганахьала аӡбамҭа рыдкыларазы аӡбаҩцәа еилацәажәоит, Кеииан игәаанагарала, иара уи иганахьалагьы аиԥш зеиԥшу аӡбамҭа рыдыркылоит.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.