АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. АШәМ ахыбраҟны иус аӡбра иалагеит Атәыла ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба.
Аӡбра мҩаԥысуеит аӡбаҩ Леварса Багаҭелиа ихантәаҩрала.
Ахра Аҩӡбеи иҩызцәеи ирхарарҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар иҵәахуан ҳәа. Иара ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа иқәҵаны дҭаркыр ҟалоит.