Ахра Аҩӡба дзыхьчоз рганахьала аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит

Амҽыша, хәажәкыра 7 рзы Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи хәҩык иҩызцәеи рус рыӡбон Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба дзыхьчоз Галеха Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Локтионов рганахьала аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа- мызкы ҭакрала ирхыргарц.

Ахра Аҩӡба мызкы ҭакрала ихигарц азы азыӡба аднакылеит ақалақьтә ӡбарҭа

Уи аԥхьа Ахра Аҩӡбеи, уи дзыхьчоз руаӡәк Станислав Культеи мызкы ҭакрала ирхыргарц азы аӡбамҭа рыдыркылахьан.

Хәажәкыра 7 рзы, АШәМ ахыбраҟны рус рыӡбон Атәыла ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәеи. Дара ахара рыдырҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуаз азы. Абри аус аганахьала иазгәаҭоуп ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрала ахгара.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.