Бжьаниа адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа рхатә редакциа аздырхиарц

Хәажәкыра 9 рзы Апарламент аҿы атәыла ахадеи адепутатцәеи аиԥылара рыман. Аинформациатә маҵзура Sputnik ажурналистцәа уахь инашьҭымызт.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирызку ахәҭазы рхатә редакциа аздырхиарц. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Апарламент аҳәара ҟанаҵеит Бжьаниа иахь адәныҟаполитикатә Аконцепциа аус адулазарц

Хәажәкыра 9 рзы Апарламент аҿы атәыла ахадеи адепутатцәеи ҩ-сааҭки бжаки инареиҳаны ицоз аиԥылара рыман.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аенергетика, амаининг, азинхьчаратә усбарҭақәа русура, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара, аурыс тәанчахәы змауа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәара, Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциа, ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирызку ахәҭазы рхатә редакциа аздырхиарц.

"Ашәҟәы азшәырхиа, уи аконцепциа ианырԥшхоит. Ишәҭахызар атермин "ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа" амхра, проблема ыҟаӡам, иамаҳхуеит", - Бжьаниа иажәақәа аанагоит Аԥсныпресс.

Ахада адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аган авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азура ишақәшаҳаҭу.

Иара убасгьы Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба инапы ианиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа урыстәылатәи атәанчахәы змауа аԥсуа тәанчаҩцәа ркатегориақәа ртәанчахәы азырҳара азҵаара аӡбразы ажәадгалақәа азирхиарц.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы" ԥхынҷкәын 7 рзы. Атәыла ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика шьақәирӷәӷәоит Аконституциа ахәҭаҷ 53 ахәҭа 2 инақәыршәаны.

Апарламент адепутатцәа, аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа, аекспертцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ԥхынҷкәын 21 рзы иалацәажәеит ахада ишьақәирӷәӷәаз Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа. Аимак-аиҿак ахылҵит апункт: Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа рформатцҵа аиҿкаара. Атермин "ҩаӡарарацәала" азҵаарақәа рацәаны ицәырнагеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: