АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы". Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Аԥсны адәныҟатәи аполитика апринцип хадақәа ракәны иҟоуп:
- Амилаҭтә интересқәа аԥыжәара рыҭара;
- Адәныҟатә шәарҭарақәа активла аҭак рыҭара;
- Адәныҟатә еимадарақәа рыхкырацәара;
- Аиҟарареи аҳаҭыреиқәҵареи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны аусеицура азыхиара.
Аԥсны амилаҭтә интересқәа азыԥхьагәаҭаны адәныҟаполитикатә ҽазышәарақәа абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иазырхазароуп:
- Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара аиқәыршәара, иара атәылауаа рыхьчара, асуверенитети аҵакырадгьыл акзаареи рырӷәӷәара;
- Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиаразы иманшәалоу адәныҟатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара, Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аҳәаанырцәтә инвестициақәа радԥхьалара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаанырцә ахәаахәҭра-економикатә интересқәа реиҵыхра;
- Аҳәаанырцә иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара;
- Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыстратегиатә партниорра арӷәӷәареи арҿиареи;
- Аԥсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи, зыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоу, рыбжьара наҟ-ааҟ апартниорра аизырҳареи арҿиареи;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи жәларбжьаратә зхаҵара;
- Адунеи зегь аҟны аԥсуа диаспора рымадара арӷәӷәара;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахыԥша аиҿкаареи арӷәӷәареи;
- Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәалареи Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа аҭышәныртәалареи;
- Кавказтәи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара ацхраара;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи арегионалтә институтқәа рылаларазы аҽазышәара.
Атәыла ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика шьақәирӷәӷәоит Аконституциа ахәҭаҷ 53 ахәҭа 2 инақәыршәаны.