Акоординациатә штаб ахада иабжьыргеит аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа рыҿҳәара инахазарц

Хәажәкыра 6 азтәи адыррақәа рыла аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12967-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12405-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 203-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Акоординациатә штаб иахәҭаны иаԥхьаӡоит антиковидтә ԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц. Абри атәы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы илҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аилацәажәара мҩаԥигеит, ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ахаҭарнакцәа алархәны.

"Ҳара ажәалагала ҟаҳҵоит иахьазы иҟоу аԥкрақәа зегьы шыҟоу иаанхарц. Ари азы ҵаҵӷәыс иҟоу Аԥсны алаҵаҟаҵара апроцесс иахьаламгац ауп. Иахьазы иҟоу аҭышәынтәалара шыҟоу иаанхарц азы иалшо зегь ҟаҵатәуп", - лҳәеит Скорик.

Лара иазгәалҭеит аԥкрақәа ирыцҵахар, алаҵаҟаҵаразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵахоит ҳәа.

Алаҵа "Спутник V" хара имгакәа Аԥсныҟа иаагахар ҟалоит

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит Аԥсны акоронавирустә чымазара алаҟәра убарҭоуп, иҵоуроу адинамика еиқәырхатәуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, ОРВИи ОРЗи змоу ауааԥсырагьы имаҷны амедусҳәарҭақәа ирыдҵаалоит ҳәа.

"Амедперсонал рыԥсы еивырго иалагеит. Арҭ арбагақәа еицәахартә иҟаҳамҵароуп", - иҳәеит аминистр.

Владимир Делба дақәшаҳаҭхеит аԥкыратә уснагӡатәқәа шеиқәырхатәу, авирус аҿагылараҿы иметод хаданы иҟоу алаҵа ауп ҳәа.

Аԥкырақәа рыҿҳәара ацҵаразы ажәадгала ахада дахәаԥшразы изынарышьҭуеит. Атәыла ахада абри аганахь ала аӡбра идикылоит.