АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Урыстәыла атуризм азы афедералтә маҵзураҿы иҟоу ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Давыденкои еиԥылеит.
"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иахьа Аԥсныҟа шәахьааз азы. Ҳусура иалагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәап. Шәара ҳтәыла шәаҩыза бзианы шәҳаԥхьаӡоит. Аҽазныкгьы аамҭа ԥшааны шәахьаҳҭааз азы иҭабуп", - ҳәа иҳәеит Хышба.
Дмитри Давыденко агәыӷра ааирԥшит сынтәа аԥсшьаҩцәа рацәаҩны Аԥсны иаҭаап ҳәа.
"Атуристтә форум "Аԥсны – аԥсы атәыла" лаҵарамзазы ареспубликаҿ имҩаԥгахоит ҳәа ҳақәгәыӷуеит. Ҩышәҩык инареиҳаны ажурналистцәа, атуроператорцәа алахәхоит. Агәра згоит Аԥсны афорум аҭааҩцәа ирзаанарԥшып ҳәа ҳтәыла иамоу алшарақәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Дмитри Давыденко иара убасгьы Ҭеимураз Хышба хәажәкыра 10 рзы иҟоу имшира идиныҳәалеит.
"Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа рзы еснагь ихырхарҭа хаданы иҟан. Сынтәагьы ҳәарада усеиԥш инхоит. Сынтәа иазԥхьагәаҭоуп миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа арахь раара", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ариаҟара аԥсшьаҩцәа рыдкылара шәазыхиоума ҳәа азҵаара аҭакс Хышба иҳәеит еиуеиԥшым апроблемақәа шыҟоугьы акурорттә сезон ҳәарада ишахәҭоу аиԥш ишымҩаԥысуа агәра шиго.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аусура иалагараны иҟоуп атуристцәа рзы аинформациатә ресурс
Аԥсны атуризм аминистрра акадртә резерв абаза аԥнаҵоит