Аԥсны аусура иалагараны иҟоуп атуристцәа рзы аинформациатә ресурс

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка на Рицу и Ауадхару
Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа проект "Хаба-Хаба" активла аԥсшьара бзиа избо атуристцәа рзы ицхыраагӡоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ртуризм азы аинформациа-еилкааратә ресурс "Хаба-Хаба" аусура иалагалараны иҟоуп, ауснагӡатәқәа хыркәшоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгиз Ҭарба.

Аресурс аԥҵареи арҿиареи рнапы алакын иактиву атуризм аусхк аганахьала аус зуа урыстәылатәи аҟазауаа, Ҭенгиз Ҭарба дрылахәны.

"Шьаҿа-шьаҿала активла атуризм мҩаԥызго ауаа рзы иманшәалоу ахархәагақәа аԥаҳҵоит. Ҳсаит иҭалан ицарц ахьырҭаху аԥшааразы алшара рымазаауеит. Уи азы иахәҭоу аинформациа рыҭахоит. Ирыҭахоит абжьгарақәа аныҟәара шымҩаԥыргашазы. Иара убасгьы, асаит аҿы иаархәар ҟалоит ирҭаххаша амаҭәа ҷыда", - иҳәеит иара.

Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Аԥсны изаҭаатәу амзызқәа хәба ртәы рҳәеит

Ҭарба иҳәеит "Хаба-Хаба" – иуникалу проектны ишыҟоу, атәылақәа жәпакы рҿы зеиԥш уԥымло шакәу.

Ҭарба иажәақәа рыла, апроект актәи ахәҭа ишаҵанакуа Урыстәылеиԥш Аԥсынгьы иактиву атуризм азы иахәҭаны иҟоу амаҭәа ҷыда ахьааухәаша аинтернет-дәқьан аартра. Аплатформа аамҭа-аамҭала ихарҭәаалахоит арҭ атәылақәа рҭыԥ ԥшӡарақәа рыӡбахә зҳәо аинформациала, хаҭала амаршрутқәа ирзааҭгыланы.

"Ари аурыс-аԥсуа проект авторцәа сыруаӡәкуп. Актәи аетап аан Аԥсны иазку аинформациа иаҳа еиҳауп. Нас –Алтаи, Камчатка уҳәа Урыстәыла егьырҭ арегионқәа ирылацәажәахоит", -  иҳәеит Ҭарба.

"Хаба-Хаба" иахәҭа ҷыданы иҟалоит аныҟәараан ашәарҭадара азхьаԥшразы аинформациа.

Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы иҳәеит апроект ахьӡ –"Хаба-Хаба" иаанаго, Суахили абызшәаҟынтә уи "шьаҿа-шьаҿала" ма "маҷ-маҷла" ауп. Ари апроект аҵакы аанарԥшуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0