Урыстәылатәи арратә госпиталь Аԥснынтәи Ставропольҟа ихынҳәит

Амобилтә медицинатә ҟәша аилазаара иалахәын шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәа, 30 ак арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь.

Руалԥшьа нагӡаны: арратә мобилтә госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь, 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагаз, арратә техника аилазаара иаланы, 800 километра амҩа иахысны есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәит, Ставропольтәи атәылаҿацәахь.уаҟа дара аныҳәатә ҟазшьа змаз аԥылара рзыҟарҵеит.

Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.

Ареспублика анапхгара урҭ рџьабаа ахә ҳаракны иршьеит, иранаршьеит еиуеиԥшым аҳамҭақәа.

Амобилтә медицинатә ҟәша аилазаара иалахәын шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәа, 30 ак арратә техника.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: