Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа русураз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

© SputnikБжания поблагодарил медиков госпиталя Минобороны РФ за помощь в борьбе с COVID-19
Бжания поблагодарил медиков госпиталя Минобороны РФ за помощь в борьбе с COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагеит, аусура хыркәшахеит хәажәкыра 1 азы.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхырааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.

Аслан Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь амедусзуҩцәа гәык-ԥсык ала русураз, рыцхыраараз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Агоспиталь аиҳаб иакәзар, уи аҭакс ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҳақьымцәа русуразы ирзыҟаҵаз аиҿкаара. Ахада агоспиталь аиҳабы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

© SputnikБжьаниа Урыстәыла АА амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа русураз иҭабуп ҳәа реиҳәеит
Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа русураз иҭабуп ҳәа реиҳәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа русураз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.

Хәышә-ҩык апациентцәеи, хә-нызқь ҭҵаареи: Аҟәатәи амобилтә госпиталь аусушьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Хәышә-ҩык апациентцәеи, хә-нызқь ҭҵаареи: Аҟәатәи амобилтә госпиталь аусушьа

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.

Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0