Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-при анаршьеит шәачатәи афестиваль аҿы

Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" 30 рҟынӡа ансамбльқәа алахәын Урыстәылантә, Аԥснынтә, Аҷарантә.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Афырҭын" Гран-при анашьахеит Шәача имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" аҟны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩцәа руаӡәк Мураҭ Қриа.

"Ҩ-номерк ықәҳаргылеит – аԥсуа жәлар рыкәашареи амҳаџьыраа рыкәашареи. Ахәаԥшыҩцәа даара ибзианы ирыдыркылеит. Гран-при ахьҳауз афинал ахь анеиразы алшара ҳнаҭеит. Афинал мҩаԥгахоит Москва, мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа. Аконцерт ду мҩаԥгахоит Кремль", - ҳәа иҳәоит иара.

Қриа иҳәеит апандемиа иахырҟьаны шықәсык аҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны ансамбль "Афырҭын" асценахь ишцәырҵыз. Уаанӡа, Дагомыс рықәгылараангьы Гран-при ранашьан, аха COVID-19 ацәшәараҟынтә аицлабра хыркәшамызт. Усҟан афестиваль 70 ансамбль алахәын.

Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-при анаршьеит шәачатәи афестиваль аҿы

Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Афырҭын" аԥҵан 2002 шықәсазы, анапхгаҩы – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба. Ари аколлектив иара ахьӡ захьӡыз ансамбль иашьҭрақәлаҩхеит. Уаанӡа ансамбль аҿы адуцәагьы кәашон.

Иузнымкыло "Афырҭын" ахәыҷқәа

Асовет аамҭазтәи "Афырҭын" ИУНЕСКО асиа ианылахьан иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа, ианаршьахьан еиуеиԥшым аҳамҭақәеи аԥхьахәқәеи.

Аџьынџьтәылатә еибашьраан ансамбль артистцәа жәпаҩык абџьар шьҭыхны аӷа иҿагылеит.

Ансамбль аиҳабы Лев Қьецба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь уи анапхгара рнапы ианырҵеит Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.

Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Европа агәыӷрақәа" 1993 шықәсазы иаԥиҵеит СССР жәлар рартист, ахореограф, абалетмеистер, актиор Махмуд Есамбаев. Уи аахыс афестивальқәеи аицлабрақәеи мҩаԥысуеит Урыстәыла, ЕАА, Аҩадатәи Африка, Европа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: