Иқәԥраауаз "Афырҭынаа": ансамбль 15-шықәса азгәанаҭеит

Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль "Афырҭын" 15-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Ансамбль алахәылацәа шқәыԥшӡоугьы ирымоуп рхатәы ҟазшьа. Акәашацәа рцәамаҭәа акәзар, аԥшӡара ухнахуеит. Аӡӷабцәа инарыгӡоз аварцәа рыкәашара азал напенҟьабжьыла иархыџхыџит.

Уи инашьҭарххны ицәырҵыз аҷкәынцәа ргәыԥ еиҳагьы иацырҵеит ирыхәаԥшуаз ргәалаҟазаара.

Ансамбль аҿы икәашоит 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. 15 шықәса рыҩныҵҟала х-коллективк рҽырыԥсаххьеит. Уажәы ахареографиатә ансамбль "Афырҭын" 200-ҩык ахәыҷқәа алоуп, 120-ҩык ҷкәынцәоуп. 

Иахьатәи ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" аԥшьгара абзоуроуп 80-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аиҳабацәа ахьыҟәашоз ансамбль, уи далахәын анапхгаҩгьы Лев Қьецбагьы.

Усҟангьы "Афырҭын" жәларбжьартәи аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа аиуан, ИУНЕСКО асиагьы ианылахьан иреиӷьу амилаҭтә кәашара назыгӡо ансамбль ҳәа. 

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан ансамбль еимпит, асолистцәа аӡәырҩы абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл рыхьчон, еизҳауа ахәыҷқәа акәашареи ашәаҳәареи рзы алшара роурц азы.

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

 


Ажәабжьқәа зегьы
0