АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу ацхыраара лас еиҭа аусура хацнаркоит аҿкычымазара шааиқәтәалак, абри атәы ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Ашәба иажәақәа шьаҭас иганы иаанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Апандемиа аамҭазы аҿкычымазара зыдбалаз Гәдоуҭатәи аковид-центри, Аҟәатәи амобилтә госпитали, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа рахь ргараазы ацхыраара лас амедгәыԥқәа акыр еилахеит.
Аҳҭнықалақь аиҳабыра иазырыӡбеит Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу ацхыраара лас аусура аамҭала иаанкылазарц.
"Ԥсыхәа змам ӡбамҭоуп. Аҳақьымцәа рзымхара ҳныԥшит, ацхыраара рыҭара иахьӡомызт. Атәыла иалагалоу аԥкрақәа рышьҭахь Аҳабла ҿыц аҟны ацхыраара лас еиҭа аусура иалагоит, еиҭарҿыцу ауадақәа рҟны",- иҳәеит Асҭамур Ашәба.
Уаанӡа ацхыраара ласы ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иаартуп COVID-19 азы ПЦР-тестқәа ахьыҟарҵо апункт ҿыц.