Ашәахьаҽны Аҟәа ахәҭак хәылбыҽханӡа ӡыда иҟазаауеит

2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа аӡымҩангага ҿыцқәа шьҭарҵеит, амагистралтә ҳақәа ирԥыршьит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аҟәа ақалақь агәы хәажәкыра 15 асааҭ 18:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь ахадара.

Аӡаанкылара амҩақәа Амҷба-Басариа реихысырҭаҿы иҟалаз аӡымҩангага-ҳа аҿы авариа иахҟьеит.

"Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.