Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҿы ишьақәдыргылеит

Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр азы иаархәеит 2020 шықәсазы ахархәара зҭамыз Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥарақәа рыла.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҿы иқәдыргылеит ҳәа Instagram аҿтәи лдаҟьаҿы адырра ҟалҵеит аекономика аминистр Кристина Озган.

"Ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршахеит аҵәыҵәри астанциа ақәыргылара. Апрограмма иазԥхьагәанаҭоз ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥгоуп 152 миллион мааҭ ирҭагӡаны", - лҳәеит Озган.

Аекономика аминистр лажәақәа рыла, астанциа ареспублика зегьы ҵәыҵәрила еиқәнаршәар алшоит.

Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҵәыҵәри анашьҭраз апроблемақәа амоуп

Аԥсны акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба ишиҳәаз ала, астанциа уажәы Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь амаҵ ауеит. Иахәҭаны иҟаз амонтажтә усурақәа зегьы аԥхьанатә иазырхианы иҟан.

Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр азы иаархәеит 2020 шықәсазы ахархәара зҭамыз Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥарақәа рыла. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа.

Уаанӡа агоспиталь ахь инаган аҵәыҵәри анашьҭразы акоммуникациақәа, аха иара аҵәыҵәри ахаҭа баллонла уахь Аҟәантәи инаргон.