Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҵәыҵәри анашьҭраз апроблемақәа амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҟны аҵәыҵәри ишиашоу анашьҭра иалагеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҵәыҵәри анашьҭраз аамҭа-аамҭала апроблемақәа цәырҵуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба.

Волонтер ковид-центра в Гудауте Никита Каравянский - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2020
Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы еизакрыла аҵәыҵәри анашьҭра еиҿкаауп

"Аҵәыҵәри шиашоу анашьҭра ҳалагеит аха абаллонқәа ҳаԥсахуеит. Адәаҟны игылоуп урҭ рҭыԥқәа. Аҵәыҵәри нҵәацыԥхьаӡа абаллон ҳаԥсахуеит. Уи ианаамҭо иҟаҵалатәуп. Еснагь ҳанақәымшәо ыҟоуп. Аҵәыҵәри зҭо ацистернақәа ықәҳаргылаанӡа апроблема шыҟац иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Шамба.

Уи адагьы асистема атрубақәа аҵаа ианакуа ыҟоуп, абаллонқәа ахьынӡаҭәу узырбо арбагагьы ианақәҵаалак, иҟоу анаанамырԥшуа ҟалалоит. Уи иахҟьаны ианаамҭоу абаллонқәа ԥсахымкәа ианынхо ыҟоуп ҳәа иҳәоит аҳақьым хада.

"Ари аус мҩаԥызго ауаа иаразнакы абаллонқәа рзымԥсахыр ҟалоит, арбагақәа иржьар алшоит. Баллонк 40 минуҭ инаркны 60 минуҭ рҟынӡоуп ахархәара ахьамоу – заҟаҩ апациентцәа аппарат иаҵаку иахьырԥшны. Уахыки ҽнаки рыла 150 баллон аннаҳхуа ҟалоит, иҟалоит 200-250 рҟынӡагьы ианнеиуа", - иҳәоит иара.

Ари аҭагылазаашьа ачымазцәа ирзеицәоуп ҳәа азгәеиҭоит Шамба.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2021
Гәдоуҭатәи ковид-центр аҿы аусуразы аҳақьымцәа еизгоу рыбригадақәа еиҿкаауп

"Џьоукы-џьоукы рҭагылазаашьа аицәахара абри ианадысҳәало ыҟоуп. Шәазхәыц: минуҭк, хә-минуҭк шәыԥсыԥ лажәгаҩажәгом. Шәышԥаҟалои. Рыхәышәтәра зегьы башаханы, ҿыц рҭагылазаашьа азықәԥара ҳақәшәоит уи азы", - ҳәа иҳәоит Шамба, иагьациҵоит ари апроблема иахҟьаны ԥсыҭбара шыҟамлац.

Иахьазы агоспиталь иапроблема хаданы иҟоу амедперсонал, аиҳаракгьы апрофессионалтә реаниматологцәа рзымхароуп.

Аҳақьым хада иҳәоит абаллонқәа рыԥсахра знапы иану амедусбарҭа арзҩыдара мҩаԥызго шракәу. Урҭи ахәышәтәырҭеи абри азы аилаӡара рыбжьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0