Аҳәаанырцә ааигәа атәылауаа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иаанкылоуп

Аҳәаанырцәуаа аҳәаахьчаратә зона алалара аԥҟарақәа ахьеиларгаз азы ахараԥса рашәаразы административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аҳәаанырцә ааигәа атәылауаа хәҩык аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иааныркылеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ

Иаанкылаз Шәача, Адлертәи араион Верхневесиолое ақыҭаҿы иҟан. Дара аҳәаахьчаратә зонаҿ аҟазаара азин рызҭоз адокументқәа рыцмызт.

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа адырра ала, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҭаараан аҳәаахьчаратә режим аиламгаразы иахәҭоуп аҳәаахьчаратә режим аԥҟарақәа рықәныҟәара.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит ԥкырада аҳәаахьчаратә зонаҿ аҟазааразы ухаҭара шьақәзыргыло адокументқәа рыдагьы аушьҭразы ашәҟәы умазароуп ҳәа. Уи иалнаршоит хә-километрак рҟынӡа аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы аҟазаара. Анаҩс аҭаларазы иахәҭаны иҟоуп азин ҷыда аҳәаахьчаратә зонаҿы аҟазааразы.

Аҳәаанырцә атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаахьчаратә зона аҭалареи уа аҟазаареи мҩаԥыргар рылшоит рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәеи азин ҷыда анрымоуи.