АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Гәдоуҭа ахәҭак хәажәкыра 16 ашьыжь, асааҭ 09.00 - 11.00 рзы лашарада иаанхоит астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" аҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Астанциа маҷ фымцалашарала еиқәнаршәоит ақалақь агәы, Аҟәатәи амҩаду иара убасгьы ақалақь акалҭ.
"Амшынеиқәафымцамч" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.