Гәдоуҭа ахәҭак хәажәкыра 16 ашьыжь лашарада иаанхоит

© Sputnik / Марианна КубраваЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи астанциа маҷ аҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҩ-сааҭк алашара дырцәоит.

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Гәдоуҭа ахәҭак хәажәкыра 16 ашьыжь, асааҭ 09.00 - 11.00 рзы лашарада иаанхоит астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" аҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Астанциа маҷ фымцалашарала еиқәнаршәоит ақалақь агәы, Аҟәатәи амҩаду иара убасгьы ақалақь акалҭ.

"Амшынеиқәафымцамч" аҭамзаара шьҭанаҵоит ауадаҩрақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0