Аԥсны "Урыстәылатәи аихамҩақәа" ирыднагалеит Шәачантәи атуристтә дәыӷба бжьаларц

"Аԥснытәи аихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа зхадараҿы дыҟоу аделегациа "Урыстәылатәи аихамҩақәа" анаԥхьарала Москва иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Аиԥылараҿы аԥснытәи аган иӡырнагеит апроект ҿыц – атуристтә дәыӷба "Аԥснытәи акруиз" ҳәа аҩуеит Аԥсныпресс.

"Шәачантәи Аԥсныҟа идәықәҵахоит акруизтә дәыӷба. Амҩан иара хыџьара иаангылоит: Гагрыԥшь (Гагра), Ԥсырӡха (Афон ҿыц), Кьалашәыр (Аҟәа). Адәыӷба апассаџьырцәа арҭ ақалақьқәа рҿы мышкы-мышкы иаангылоит. Адәыӷбаҿы иԥхьоит. Атуристцәа ирыдгалахоит аинтерес зҵоу амаршрутқәа. Адәыӷба рыхьчоит. Аҩныҵҟа аресторан аартхоит" ҳәа АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши иажәақәа аанагоит амаҵзура.

Хазириши иазгәеиҭеит апроект урыстәылатәи рколлегацәа ишыргәаԥхаз. Убри аан аҭыԥ рымоуп уахынлатәи агылара иадҳәало атехникатә зҵаарақәа.

"Аԥснытәи аихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, аганқәа шалацәажәаз аԥсабара ахьчареи аекологиеи ирыдҳәало апроектқәа Аԥсны рынагӡара, аихамҩа иуникалу аԥсабареи архитектуратә ҭыԥқәеи ирылсны иахьцо инадҳәаланы.

"Аԥсабара ахьчара аус аҟны аҭакԥхықәра ду ҳақәуп. Ари ахырхарҭа ҳара ҳзы иҿыцуп, аха ихымԥадатәиуп. ОАО "Урыстәылатәи аихамҩақәа" сынтәатәи ашықәс аекологиа иазнакит. 2030 шықәсанӡа анаплакы аекологиатә политика аплан шьақәнаргылеит", - иҳәеит иара.

"Аԥснытәи аихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа иара убасгьы иазгәеиҭеит, Москва "Урыстәылатәи аихамҩақәа" аппарат хада адепартаментқәа жәпакы рхадацәа ишрыҿцәажәаз.

Аԥсуа делегациа Москва иҟазаауеит хәажәкыра 18 рҟынӡа.