Лагәлаа Youtube-канал "Аԥсны Хабар" азы: зегьы рзы ҳаартуп
© Sputnik
"…Имӡакәа иаартны азҵаарақәа ҳрылацәажәоит, ахҭысқәа зыдҳәалоу ааԥхьара раҳҭоит. Аӡәгьы ҳиқәыӷәӷәаӡом, зегьы рзы ҳаартуп. Аӡәы иполитикатә гәаанагара ҳаҿагылом, ҳагьадгылом, хықәкыс иҳамоуп зегьы ҳарзеиԥшны рызнеира… Аицәажәара иазхиоу зегьы ҳарзыԥшуп. Иазгәасҭар сҭахуп, хаиҿцәажәарақәа аинтервиу мацара аҳасабала имҩаԥысӡом. Леуани ( Миқаа - аред.) сареи ҳдырраҭара уазааҭгылозар, "Диалог" ахьӡуп, уи аҟны ҳаргьы ҳгәаанагара раҳҳәоит асасцәа. Аимак-аиҿак ахылҵыргьы, уи уадаҩраны иаҳбом, иаҳҭаху - адәқәа рҟны (азҵаарақәа рышьҭыхра, рылацәажәара - аред.) ҳаҟәыҵны, астудиахь ҳаиасырц ауп. Иаҳҭахуп досу имоу аргументқәа иҳәарц", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.