Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Лагәлаа Youtube-канал "Аԥсны Хабар" азы: зегьы рзы ҳаартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеуан Лагулаа
Леуан Лагулаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни аԥсуа диаспореи ахьынхьо атәылақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку раԥхьатәи Youtube-канал "Аԥсны Хабар" аусура иалагеит хәажәкырамзазы. Уи аиҿкааҩцәа иреиуоу Леуан Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аинформациатә проект ахықәкы, ишьҭырхуа азҵаарақәа ртәы.
Лагәлаа апроект "Аԥсны Хабар" азы: зегьы рзы ҳаартуп

"…Имӡакәа иаартны азҵаарақәа ҳрылацәажәоит, ахҭысқәа зыдҳәалоу ааԥхьара раҳҭоит. Аӡәгьы ҳиқәыӷәӷәаӡом, зегьы рзы ҳаартуп. Аӡәы иполитикатә гәаанагара ҳаҿагылом, ҳагьадгылом, хықәкыс иҳамоуп зегьы ҳарзеиԥшны рызнеира… Аицәажәара иазхиоу зегьы ҳарзыԥшуп. Иазгәасҭар сҭахуп, хаиҿцәажәарақәа аинтервиу мацара аҳасабала имҩаԥысӡом. Леуани ( Миқаа - аред.) сареи ҳдырраҭара уазааҭгылозар, "Диалог" ахьӡуп, уи аҟны ҳаргьы ҳгәаанагара раҳҳәоит асасцәа. Аимак-аиҿак ахылҵыргьы, уи уадаҩраны иаҳбом, иаҳҭаху - адәқәа рҟны (азҵаарақәа рышьҭыхра, рылацәажәара - аред.) ҳаҟәыҵны, астудиахь ҳаиасырц ауп. Иаҳҭахуп досу имоу аргументқәа иҳәарц", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0