Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа зыриашоз аӡбамҭа аԥнахит

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 23 рзы. 2020 шықәса абҵара 10 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа иршьоз Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала ариашаратә зыӡба аднакылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа иршьоз Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Адгәыр Аутлев, Витали Кулов рганахьала ариашаратә зыӡба иаднакылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара иаԥнахит, аус Апрокурор хада иахь иархынҳәит аиҭаҭҵааразы.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа аҩнытә рбаандаҩра иаҵаркуп лаҵара 23 рҟынӡа.

Уаанӡа Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи ахара рыдҵан ахәҭаҷ 295 ахәҭа 1 (амаҵзуратә хаҿы ҭакԥхықәрадарала инапынҵақәа рызнеира уи иахҟьаны атәылауаа рзакәантә интересқәа реилагара) алеи ахәҭа 3 (машәырла ауаҩытәыҩсатә ԥсыҭбара аҭыԥ аиура) алеи.

Аӡбарҭа Анзор Ҭарба иԥсра аганахь ала аӡбамҭа аднакылеит

Амилициа амаиор Адгәыр Аутлеви Аусбарҭа аҟәша аусзуҩ Витали Кулови ахара рхараҵан Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 288 ахәҭа 3 (амаҵзуратә хаҿы инапынҵақәа инархыҳәҳәаны рызнеира иахҟьаны атәылауаа ма аиҿкаарақәа рзакәантә интересқәа амч ахархәарала реилагара) алеи ахәҭаҷ 105 ахәҭа 4 (заанаҵ еибыҳәаны ауаҩытәыҩса гәҭакрыла игәабзиара ааха аҭара, уи аан машәырла ауаҩытәыҩсатә ԥсыҭбара аҭыԥ аиура) алеи.

Ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа ахылаԥшратә ӡбарҭаҿ иахашшаар алшоит.

1969 шықәса рзы ииз Анзор Тарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Ҭарба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аус иалахәыланы иԥхьаӡан Аԥсны ААР аусзуҩцәа: Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.

Апрокуратура хада Ҭарба ишьразы аус шырӡбаз закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит

2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡан, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәыркырак ыҟам ҳәа ахьазырыԥхьаӡаз азы.

Абҵара 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭарба иԥсра аус азы гәҩарас иҟаз ауаа ахара рыдым ҳәа ианариаша ашьҭахь ақәҵара аднакылеит ззинмчқәа ишахәҭаз иназмыгӡаз Апрокуратура хада аусзуҩцәа рымшала акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкыланы иҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа закәаным иагьҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡеит, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь иашшит.