Апрокуратура хада Ҭарба ишьразы аус шырӡбаз закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭарба иԥсра аус азы гәҩарас иҟаз ауаа ахара рыдым ҳәа ианариаша ашьҭахь ақәҵара аднакылеит ззинмчқәа ишахәҭаз иназмыгӡаз Апрокуратура хада аусзуҩцәа рымшала акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкыланы иҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа закәаным иагьҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Абри атәы Апрокуратура хада абрифинг аан илҳәеит АИХқәеи ауаажәларреи рымадаразы апрокурор хада ицхырааҩ Рада Сангәлиаԥҳа.

Сухумский городской суд - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Анзор Ҭарба иԥсра аганахь ала аӡбамҭа аднакылеит

Аусбарҭа агәы иҭоуп аӡбарҭа аӡбамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь иашшырц.

Апрокуратура хада иаԥхьаӡоит аӡбарҭатә усеилыргараан ахарадҵаҩ иган иақәнагаз аршаҳаҭрақәа ҟанаҵеит, урҭ зегьы ишьақәдырӷәӷәоит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Анзор Ҭарба дахьыԥсыз рхароуп ҳәа.

Апрокуратура хада ахаҭарнак иргәалалыршәеит ԥхынгәы 10, 2019 шықәса ҵхагәаны Анзор Ҭарба, анаҩсан зцәеижь ааха ӷәӷәа иарҭаз иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз, Апрокуратура хада ахаҭарнак иргәалаиршәеит, ԥхынгәы 10, 2019 шықәсазы Анзор Ҭарба, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь днаган Џьыкырбеи Ҷедиеи рыдҵала, уи иҿахәы иҿырхразы аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви Витали Кулови наԥхьан.

Ашьаусԥшаара аверсиала Ҭарба иԥсҭазаара даналҵуаз аҽны ААР ахыбраҿы аоперативтә зинмчы змаз Одабашиани Ҭоԥуриеи рыда уаҳа аусзуҩцәа ҳәа аӡәгьы шыҟамыз. Дара усҟан дрыхьчон иаанкылаз Нугзар Папаа, уигьы Ҭарба иԥсра аус аҿы шаҳаҭс анаҩс дыҟан.

"Ашаҳаҭ Нугзар Папаа аӡбарҭаҟны ишьақәирӷәӷәеит иара изакәанымкәа ААР Ашьаусԥшааратә ҟәша амаҵзуратә кабинет аҟны даанкыланы дышрымаз, уа амилициа аусзуҩцәа Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәын ҳәа мчыла идырҳәарц ишаҿыз, иара убас идырҳәар шырҭахыз ААР Ашьаусԥшааратә ҟәша аиҳабы Бадри Џьыкырбеи уи ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи амедицинатә цхыраара ҟарҵазшәа", - ҳәа азгәалҭеит Рада Сангәлиаԥҳа.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы Апрокуратура хада аусзуҩцәа рнеимҭазы ААР аинапхгареи Бадри Џьыкырбеи ирхәыцит даҽа версиак - Ҭарба дыҩны дыбналарц дшаҿыз, амардуан аҟынтәи дкаҳаит ҳәа. Арҭ афактқәа аӡбарҭаҟны ишьақәырӷәӷәан, Аԥсны Апарламент адепутат Асҭамыр Ҭарба иакәзар, ҩынтә ашьаусԥшааразы иҿцәажәараан иҳәахьан Адгәыр Аутлев иҿы шиқәшаҳаҭхаз иареи Витали Кулови Ҭарба иганахьал амч рхы ишадырхәаз уи Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәын ҳәа иҿы иқәшаҳаҭхарц азы.

Сухумский городской суд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аӡбарҭа Ҭарба иганахь ала ахара зду рҿахәҿыхра ахыргеит ааха зауз ахьыҟамыз азы

"Аха аӡбарҭа арҭ аршаҳаҭрақәа иара агәы ишаанагоз ала рыхә ашьеит, афакттә дыррақәа ирыхәамԥшыкәа, хыхь зыӡбахә ҳәаз ахаҿқәа акгьы рхарам ҳәа иаӡбеит. Ирыдыркылаз аӡбамҭа хьадыршшарц, рхы дырқьиарц азы апрокуратура аусзуҩцәа рганахьала хаз игоу ақәҵара иаԥхьеит, уи ауаажәлар рҿаԥхьа ацәыргаразы азакәан шыҟамызгьы", - ҳәа иацылҵеит Сангәлиаԥҳа.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит аӡбарҭа азин шамам ашьаусҭҵаара ацашьа, ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рцәыргара, избанзар иара ашьаусԥшааратә усбарҭаӡам.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкылаз Анзор Ҭарба иԥсҭазаара иалҵразы аусҭҵаара мҩаԥысуан хәымз инарзынаԥшуа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы. Аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Чедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгур Аутлеви Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡоуп, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәыркырак ахьыҟам азы.

Иара убасгьы аӡбарҭаҿы хаз игоу ақәҵара иаԥхьеит Аԥсны апрокурор хада иганахьала. Аӡбарҭа ишаҳәаз ала, Ҭарба иԥсразы ашьаус хацыркын ԥхынгәы 13, 2019 шықәсазы, убри аан аҭагылазаашьа иалнаршон ԥхынгәы 11 рзы - Ҭарба даныршь аҽны - ашьаус ахацыркра. Уи адагьы, аӡбарҭа иазгәанаҭеит апрокуратура аусзуҩцәа ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭаҿы иаанкылашьа азакәан иахьынӡақәшәо ишахәҭоу иахыламԥшит ҳәа, ҷыдала ари аус аҟны административ ҳасабла иаанкылаз Ҭарбеи Папааи изакәанымкәа кыраамҭа раанкылара аганахьала. Абри афакт азы апрокуратура ишақәнагаз аҭҵаара иаламгеит ԥхынгәы 11 аԥхьагьы ашьҭахьгьы.

Аӡбарҭа хаз игоу ақәҵара ишаҳәо ала, апрокуратура аусзуҩцәа рзинмчқәа ишахәҭаз иахьынармыгӡаз азы акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәҩара зызрымаз, 1969 шықәса рзы ииз Анзор Ҭарба иԥсҭазаара далҵит.

Ҭарба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аус иалаҟьашьуп ҳәа агәҩара рыман Аԥсны ААР аусзуҩцәа рзы: Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Чедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви Витали Кулови, Анзор Ҭарба иганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0