Ихыркәшоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи абитуриентцәа ралкаара актәи аетап

Аԥснытәи абитуриентцәа еиҳа иалыркаауа хырхарҭаны иҟоуп – амедицина, аекономика, азиндырра, архитектура, аргылара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Ихыркәшоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь аԥснытәи абитуриентцәа ралкаара актәи аетап. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Иара иажәақәа рыла аҭаҩратә аамҭа активла имҩаԥысит. Зынӡа арзаҳалқәа 250 нашьҭын, аха урҭ рҟынтәи 115 аус еиҭарыдулатәуп.

"Исҭахуп абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи идсырдырырц анкетақәак аус еиҭашрыдулатәу. Аус зыдуло анкетақәа ҳадаҳкылоит хәажәкыра 26 асааҭ 18:00 рҟынӡа. Нас аҭаҩратә система ииашам анкетақәа аунамышьҭуа иалагоит. Аусеиҭадулара уадаҩӡам. Аиҳарак атәылауаҩшәҟә рыцым, атәылауаҩра бжьажьуп. Аиҳарак анкетақәа иашаны ихарҭәаауп", - иҳәеит Вадим Чеха.

Аԥснытәи абитуриентцәа азанааҭ ҿыцқәа алырхыр рылшоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны

Аквотақәа рҳәаа иҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп аспирантура, амагистратура, абакалавриат рҿы аҵараҵара.

Аспирантурахь 2021 шықәсазы аквотақәа хәба ыҟоуп. Россотрудничество анапхгаҩы иажәақәа рыла аспирантурахь ицо рзы аԥыжәара амоуп - аекономика. Ҭыԥк аҿы ароуп еиҳа ауаа ахьырацәо. Убри аан игәыгәҭажьхеит абиологиатә наукақәа, адефектологиатә ҵара.

"Абиологиатә наукақәа рзы ҵыԥх иҟан аквотақәа аха Аԥсны, ари аганахь ала алшарақәа ахьырацәо, Анаукақәа ракадемиа, НИЕПИТ рҩызцәа аус ахьыруа иҵегьы ари ахырхарҭа алыркаауазар акәын. Абри аганахь ала ААУ, Анаукақәа ракадемиа рнапхгаҩцәа ҳрацәажәашт", - иҳәеит Чеха.

Аекономикеи анапхгараҭареи амагистратура иҭало рҿы аинтерес рымоуп. Иара убри аан аелектроника, арадиотехника, аимадара асистема ринтерес зку маҷуп.

"Иаҳҭахын абитуриентцәа асеиԥш иҟоу азанааҭқәа ирызхьаԥшларц. Арҭ ахырхарҭақәа аԥеиԥш ду рымоуп", - иҳәоит Россотрудничество анапхгаҩы.

Абакалавриат иҭало рыбжьара традициа ҳасабла иалыркаауеит архитектуреи аргылареи. Аха еиҳарак иалыркаауа амедициноуп.

Имаҷым аҟазаратә хырхарҭа алызхуа. Ари ахырхарҭаҿы быжь-квотак ыҟоуп, аҭалара зҭаху 16-ҩык ыҟоуп. Сынтәа арзаҳалқәа нашьҭын афатә аалыҵ, арыжәтәаалыҵ, агеологиа, ашьхаус, аинформациатә системақәеи атехнологиақәеи рхырхарҭала.

Аспирантура аҟнеиԥш абакалавриат аҿгьы абиологиатә хырхарҭа зҭаху ыҟам.