Ахаҳә амифологиатә дунеихәаԥшраҿы ҵакы ҭбаала иаарԥшуп. Иара адунеи злашьақәгылоу аелементқәа иреиуоуп, иԥсхаԥсу аԥсабара иасимволуп, даҽакала иуҳәозар: иҳашыртәырахаз, ихаҳәыршәырахаз.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуа епос уи аҵакы даараӡа ибзианы иаанарԥшуеит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, нарҭаа раҳәшьа Гәында-ԥшӡа Хәажәарԥыс дҳәаны дышизтәаз Нарџьхьоу дымҵарс даниго, Саҭанеи Гәашьа иҟалҵоит адоуҳа: "Убри абжьы-мҩак ахьеихагалоу иугогьы уаргьы шәҳашҳатәраны шәықәхааит, есшықәса знык-знык ааԥшра азин шәымазааит. Хәыҷы-хәыҷла анышә шәыҵалалааит. Шәзықәтәоу арашь амгәа адгьыл ианнықәкьысуа аҽны каамеҭ ҟалааит!" ҳәа. (Вариантқәак рыла ари аҩыза адоуҳа ҟазҵо Хәажәарԥыс иан лоуп.) Убас иҟоуп ҭыԥхьӡны "Аԥҳәыс хьанҭа дахьаҿагылоу" ҳәа изышьҭоу – уи иҳашҳатәрахаз аԥҳәыс лсахьа зманы ахра иалыҳәҳәо ахаҳә ауп ус хьӡыс измоу.
Гәдоуҭа азааигәара амшын аҿы "Нагә ихаҳә" ҳәа иҟоуп. Нагә иԥсаса иманы абри ахаҳә амҵан дтәалон, аха зны амшын анааскьа, Нагә ирахәгьы ықәнахит, иаргьы дықәнахит. Уи ахаҳә амшын иалыҳәҳәо уажәгьы игылоу "Нагә ихаҳә" ҳәа хьӡыс иаххалеит.
Арҭ иааҳгаз аҿырԥштәқәа иудырбоит ахаҳә зҽеиҭазымкуа, иԥсхаԥсу аҵакала ишаарԥшу. Иҟоуп иара убас иԥшьоу ахаҳәқәа ҳәа иршьогьы, ауаа ачымазараҟынтәи ралгара зылшо. Иаҳҳәап, аԥсуаа рҿы иуԥылоит "ахаҳә аҵгара" ҳәа иҟоу ақьабз. Убас иԥшьоу хаҳәны аӡбахә рҳәоит Тҟәарчал, Хәаџьал ашьха иамоу ахаҳә кылҵәа. Аԥҳәыс ахшара лцәа далашәаразы абри ахаҳә дыҵыргон. Иара усгьы ахаҳә кылҵәа ауаҩы алаԥш аҟынтәи дахьчоит ҳәа иазгәаҭаны агараҿы ихыршьуеит, аҩны аҩналарҭаҿ, ацаҿы.
Ахаҳә асакралтә ҵакы аныԥшуеит иара аԥштәы алагьы: ахаҳә шкәакәа – абзиара иатәуп ҳәа иршьоит, ахаҳә еиқәаҵәа – ацәгьара. Ахаҳә шкәакәа иқәгыланы зыгәҭакы зҳәо игәахәтәы наӡоит ҳәа иазгәаҭоуп, ахаҳә еиқәаҵәа акәзар - иқәгыланы ишәииуеит.
Ахаҳә нарцәи аарцәи рҳәааҟны игылоу маҭәарны иаарԥшуп амифологиатә жәабжьқәа рҟны. Иаҳҳәап: Ӡызлан аӡыхь иалыҳәҳәо ахаҳә дықәтәаны лхы лҳәоит. Ахаҳә дуқәа, аҳаԥқәа рҿы дынхоит абнауаҩы, абнауаҩԥҳәыс, иара убас араҟа ҽыҵәахырҭас иамоуп амаҭ, агәылшьап.
Аханатә ахаҳәқәа рыԥсы ҭан, ирызҳауан ҳәа иԥхьаӡан ауаа рыгәнаҳарақәа рзы Анцәа адгьыл ишәиаанӡа. Нарҭаа репос ишаҳәо ала, аишьцәа реиҵбы Нарҭ Сасрыҟәа "ахаҳә аԥа" иоуп.
Аԥсра ақьабзқәа рҟны ахаҳә иалхны аҳаҭгәынқәа рыҟаҵара аԥсы "аҿаҳәара" иасимволуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ахаҳә архаикатә функциа аҳәа, аҳәызба амыркатыл реиԥш иҟоу амаругақәа рахь ииасуеит. Иаҳҳәап абна илахаз арахә ԥырхага рмоуразы амыркатыл аҿы ҿаҳәаны иҟарҵон – ари аритуал ала ахаҳә аҟазшьақәа: "ахьшәашәара", "аиҭамҵра" амагиатә ҵакыла аԥырхага ҟазҵар зылшоз ахь ииаргон.
Ахаҳә аӡбахә анаҳҳәо, иҳамҳәар ауам амақьа - иҵару ахаҳә аӡбахә. Ари ахаҳә ахьӡала ақәра иара амч ду шамоу аныԥшуеит (Ӡызлан илызку амиф-ҵабыргқәа рҟны).
Абасала, ахаҳә амч адунеи злашьақәгылоу ахәҭақәа адгьыл, амца, аӡы реиԥш ихадаратәны иаарԥшуп.