Аԥсыжратә қьабзқәа: аԥсы имҩаԥгара, аилыргаҩ

© Фото : НААР архив аҟынтәАфольклортә експедициаан. Ҭорҳал
Афольклортә експедициаан. Ҭорҳал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа рцикл иацылҵоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аԥсы имҩаԥгара

Аԥсыжратә қьабзқәа ирымоуп рхатә ҷыдарақәеи акәамаҵамарақәеи. Аԥсуаа рҿы, аԥсра иақәшәаз аҩнаҭа иалкаау агәцаракра арҭоит ауа-аҭахыра, агәылацәа рганахьала. Араҟа иааԥшуеит аицхыраара. Аԥсы дыкҿанаҵы, урҭ русқәа наҟ инышьҭаҵаны, аԥсы ирҽеира, имҩаԥгара рҽазыркуеит. Ихадараны ирыԥхьаӡоит аԥсы қәнагала инарцәымҩа иқәҵара. Агәыла иагьа деилахазаргьы, иаҳҳәап, ирашәатә аума, ижьҭаара аума, ма даҽа уск аума, аԥсы дахьынӡакҿоу иусқәа зегь ааныжьны аԥсра иақәшәаз ицхыраара иҽазикуеит.

Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

Аԥсы уаҵәы дыржраны уахеиԥш, аҵаҵәыуарҭа ҟарҵон, уажәы аҵаҵәыуарҭа ҭыԥ ашьыжь шаанӡа иҟарҵалоит. Иԥсыз ауаҩы аҽы имазҭгьы, мамзаргьы деибашьҩызҭгьы, аԥсыжра аҽны иҽы кәадырны, иабџьармаҭәа – иаҳәа, иҟама, икьарахә уҳәа шәыла иҭаҳәҳәаны иқәдыргылон, иԥеиҵыб, ма имаҭа дадыргыланы.

Аԥсыжра амш, аԥсы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, ҷыдала иазнеиуеит, досу рҭыԥ рзалхны ирымоуп. Аԥсы ихагылоит иӡӷабцәеи, иҭацацәеи, имаҭацәа аӡӷабцәеи. Ихахьи ишьапахьыи игылоит иаҳәшьцәа. Урҭ аҵәыуара ҳәа иааиуа ирыкәшоит, ирызӡатәуеит. Иԥсыз иԥшәма лакәзар, ишьапахьы дгылоит, аха аҵәыуара лыхәҭам (ахаҵа иакәзаргьы убасҵәҟьа дҵәыуом).

Ахацәа аџьабараҟны иҟоугьы ргылашьа ахатә ҷыдарақәа амоуп: ахаҟны агылара рыхәҭоуп иԥсыз иԥеиҵыб ма имаҭацәа, нас иԥа агәыбжьанытә, урҭ ирывагылоит аешьаԥацәеи аеҳәшьаԥацәеи. Зегьы рхаҟны дгылоит аешьа (аешьа димамзар, уи иҭыԥ ааникылоит аԥеихаб).

Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа ирызкны>>

Аҵәыуаҩ данааиуа, заа идыргылахьо астол аҿы ихылԥа нықәҵаны (абџьармаҭәа зыҟәну, рабџьармаҭәагьы нықәҵаны) аҵәыуара дықәлоит.

Аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа аԥсыжратә қьабзқәа дырзааҭгыло иазгәеиҭоит, иԥсыз иашьцәа ршьамхы арсны иҵәыуон ҳәа. Иара убас, шьамхарсрала аҵәыуара рыдын: аԥа – ани аби рыԥсраан, аеҳәшьаԥа – аншьа иҟны.

Аҳәса аҵәыуара инеиуа, иҵәыуаны иангьежьлак, зны инеины аџьар инрылагылоит, нас ԥыҭрак ашьҭахь ауп аџьабацәа рҿы инеины иандышшыло.

Аилыргаҩ

Аԥсыжра аҽны иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аҵәыуара мҩақәызҵо ахацәеи аҳәсеи рганахьала. Урҭ аилыргаҩцәа ҳәа ирышьҭоуп. Дара ҩыџьа-ҩыџьа алырхуеит. Аилыргаҩцәа руаӡәк "абӷакҩы" ҳәа ишьҭоуп. Уи аҵәыуаҩ ибӷа кны днықәигалоит, дырҵәыуангьы дықәигоит, нас астол аҿы иқәиҵахьаз ихылԥеи иабџьармаҭәеи нықәхны ииҭоит. Аҩбатәи аилыргаҩ аҵәыуацәа аџьабацәа рахь инеигоит адашшыларазы. Аҵәыуаҩ игәы инапы инадкыланы, мамзаргьы ихы аарҵысны "сгәы иалсит" ҳәа ддашшылоит.

Ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи

Аԥсра-абзараҿы аилыргаҩцәа ҟарҵоит, аха аԥсраҿы уи аҵас амҩаԥгара иаҳа иуадаҩуп ҳәа иҳәоит ас еиԥш амҩаԥгара изныкымкәа издырҵахьоу Мықә ақыҭанхаҩ Гена Маланиа.

"Сара жәаба-жәохә шықәса раԥхьа абри салагеит. Сгәылацәа, аиҳабацәа абзиақәа нхоит. Ари аԥсуара, аҵасқәа, ақьабзқәа акәамаҵамақәа рацәоуп. Аиҳабацәа, шьҭа нас, рықәрахь анеира иаҿуп, еиҳабык даасыдгылан убыс иҳәеит: "баба, иҟоу удыруама, ҳара шьҭа ҳақәра ыҟоуп, абри ацәгьа-абзиа аҟны уара еилыргаҩыс угылазар сҭахуп" иҳәеит. Уигьы атрадициақәа амами, амҩаԥгараҿы. Изхысҳәаауа, аилыргараҿы агылара убри уалагароуп, уара иуҵароуп ҳәа саиҳәеит. Са схәыҷуп, иабасҭаху-егьыи сҳәеит, аха мамоу иҳәеит, иуҵароуп иҳәеит. Аилыргараҿы иқәгылоу, аԥсраҿы, нас аԥсы ианихцәажәо, абри-абри дцәажәоит ҳәа иҳәаанӡа, иара дцәажәароуп. Абри раԥхьаӡа сара сахьақәшәаз, мшаԥын, мшаԥык аҽны авариа иақәшәан ҩыџьа аишьцәа, аҩыџьагь ҭахеит, абри аԥсраҟны жәак, ҩажәак уҳәароуп анырҳәа, абри сцәа-сыбаҩ сзышьҭымхуа ихьанҭахеит, фразак сҳәеит, ишысҳәазгьы, анаҟә салазшәа акәын ишысҳәаз, убриаҟара ицәгьоуп. Ажәлар рҿы угыланы ацәажәара ус имариаӡам, еиҳарак ацәгьараҟны", – ҳәа еиҭеиҳәоит Гена Маланиа.

Кәыдры - Sputnik Аҧсны
Аԥсыҭгага: аӡы иашьыз иԥсы аагара аритуал

Аԥсы ихцәажәарагьы иалкаау аҭыԥ амоуп. Аилыргаҩ ажәақәак аниҳәалак ашьҭахь, ацәажәацәа аӡәаӡәала рыхьӡ ҳәаны, аԥсы излаизыҟоу нацҵаны аԥсы ихцәажәарахь иниаигоит. Аԥсы ианихцәажәо еснагь ибзиа ауп ирҳәо, иҭоурых (дахьиз, дахьааӡаз, иҭаацәара) иазааҭгылоит. Ацәажәаҩ иажәа даналго, "Зегьы дҳагхеит, имшра шәзынхааит", "Зегьы шәшьапы шәықәиргылеит, шәашҭақәа рҿы абзиара ҟалааит", "Уа ҳаннеиуа ҳаԥсқәа еиқәшәааит" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа иҳәоит. Анаҩс аԥсы аҳалал иҭарахь ииасуеит. Аӡәаӡәала инеины аԥсы илахь гәыдыркылоит изааигәаӡоу ауаа, агәыцхәцәа. Ари аҵас аиҳарак иахьуԥыло бзыԥаа рҿоуп, абжьыуаа рҟны абжьааԥны агәыцхәцәа рҟынтәи иааигәаӡоу аӡәы иоуп ус еиԥш ҟазҵо.

Аԥсуаа рҟны иуԥыло арҭ аԥсыжратә қьабзқәа асакралтә ҟазшьақәа рыманы иҟоуп. Аҵәыуара аума, адышшылара аума, аԥсы дымҩапызго рхымҩаԥгашьа, аҵәыуацәа рықәлашьа, рықәҵшьа уҳәа зегьы асимволтә ҵакқәа рыманы иҟоуп. Аха иахьатәи ҳаамҭазы аилагарақәагьы анубо ыҟоуп, зны-зынла еимактәыс ироуеит аԥсы иарбан гану ихы ахьдырхаша, мамзаргьы аҵәыуара ҳәа иқәлаз арма-ӷьырма данықәҵуа убалап, убригьы аилыргаҩ имҩақәҵара дақәшәозароуп. Убри аҟнытә ҳинформант ииҳәаз ажәа "иуҵароуп ҳәа сеиҳәеит" ҳәа, иаҳәо акры ыҟоуп.

Иара убас шәаҳьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0