COVID-19 зцәа иалаз апациент иԥсҭазаара далҵит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 151-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 22-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Хәажәкыра 28 аҽны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи ззышьақәыргылаз 81 шықәса зхыҵуаз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 10-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13385-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12860-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 212-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>