АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Хәажәкыра 28 аҽны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи ззышьақәыргылаз 81 шықәса зхыҵуаз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 10-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13385-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12860-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 212-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>