Арадио

Ҷолариа: ауалафахәыи абиблиотека аныҟәгареи раасҭа ихадоуп ашәҟә ҿыцқәа рыла ахарҭәаара

Аԥсны Амилаҭтә библиотека иахьа 100 шықәса ахыҵит. Арадио Sputnik аефир аҟны Иван Папаскьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа еиҭеиҳәеит акультуратә усҳәарҭа афонд аҟны шаҟа шәҟәы ыҟоу, афонд шхадырҭәаауа.
Sputnik
Ҷолариа: ауалафахәыи абиблиотека аныҟәгареи раасҭа ихадоуп ашәҟә ҿыцқәа рыла ахарҭәаара

"Иахьа ирыцқьаны, еиҭашьақәыргыланы 331 нызқь ашәҟәқәа, 150 нызқь апериодикатә кьыԥхь иаҵанакуа аекземплиарқәа ҳамоуп…Аԥсны иҭыҵуа ашәҟәқәа, ацхыраагӡақәа ҳауеит, аха уи азхаӡом. Амилаҭтә библиотека ауалафахәыи ахыбра аныҟәгареи раасҭа ихадоуп, иҟазароуп есышықәса ишьақәгыланы афонд абиблиотека иаанахәартә еиԥш иахьа ҿыц ицәырҵуа ашәҟәқәа. Адунеи аҟны иахьа убасҟак иҟәышу атекстқәа, аколлекциақәа еизыргоит аҳәынҭқаррақәа зегьы, ус еиԥш аҭагылазаашьа ҳара иҳамаӡам. Иарбоу аԥара убасҟак ихәыҷуп, уигьы анаҳмауа ҟалалоит. 1995 шықәсазы Амилаҭтә библиотекахь аусура снеит, уиижьҭеи иааҳхәахьоу 1325 хьӡы змоу ашәҟәқәа роуп", - азгәеиҭеит Ҷолариа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: