"Иахьа аҭагылазаашьа бзиа ҳамоуп аусуразы, ахыбра ҿыц, амаруга ҿыцқәа ҳамоуп. Ҳара ҳалагеит абиблиотека аелектронтә версиақәа рыҟаҵара. Убри апроцесс ирласны иузыҟамҵо акоуп, ижәдыруазар сҭахуп уаанӡа иҭыҵхьаз, хра злоу иактуалтәу аинформациа зну ашәҟәқәа аелектронтә версиа ахь ииагатәуп, даҟьацыԥхьаӡа рыҟаҵара аамҭа агоит", — иҳәеит Борис Ҷолариа.
Борис Ҷолариа абиблиотекақәа Адунеизегьтәи рымш аҽны Амилаҭтә библиотека аусура дазааҭгылеит
Абиблиотека ашҟа инеиуа аԥхьаҩ аҭагылазаашьа бзиақәа изаԥҵаразы Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аусура иацнаҵоит, иҳәеит уи.