Амилаҭтә библиотека аҭоурых аҟынтә

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшәҟәқәа.
Ашәҟәқәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
95 шықәса зхыҵыз, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ибеиоу, хҭыс рацәала еибарку аҭоурых даҳзалацәажәеит иара адиректор Борис Ҷолариа.

Sputnik, Саид Барганџьиа

Борис Ҷолариа иаҳзеиҭеиҳәеит 1921 шықәса хәажәкыра 4 рзы Аԥсны асовет мчра шьақәгылеит, хәажәкыра 15 рзы Аԥснытәи ревком жәлар рҵара аҟәша Аҟәа Ацентртә библиотека аԥҵара рыланаҳәеит, хәажәкыра 29 рзы аԥхьарҭа аадыртит ҳәа. Иара иажәақәа рыла аԥхьарҭа афонд шьақәгылан ауааԥсыра ирымхыз ашәҟәқәа рыла.

"Аԥхьарҭа 10 шықәса инарзынаԥшуа аус ауан. Абарҭ аамҭақәа рзы иара иазоужьын 240 мааҭ заҵәык. 1931 шықәса рзы аштат иахыԥхьаӡалан аҽа быжьҩык, уаанӡа аус луан библиотекарь заҵәык. Аштат ҿыц рнапы ианын аҵарадара аԥыхра ацхраара. Абиблиотека аусзуҩцәа ауаа аҩреи аԥхьареи дырҵара нап аларкит. Убасҟан ицәырҵит ажәа "ашәҟәнагаҩ", ауаа рышәҟәқәа абиблиотекарь изнаргон, иара урҭ дырзаԥхьон", ҳәа еиҭеиҳәоит абиблиотека адиректор.

1940 шықәса аламҭалаз Аԥсны иаԥҵан еиҭахгьы абиблиотекақәа. 1941 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашшьра ду ианалага, атәыла аиҭакрақәа аҭаххеит, абиблиотекақәа русурагьы аибашьра аамҭа иақәшәо ирҿиатәхеит. Ҷолариа иазгәеиҭоит абиблиотекарцәа аибашьраҿтәи ҳиааирақәа зҳәоз ашәҟәыбӷьыцқәа кнарҳауан, ауаа ирыладырҵәон ажәабжьқәа. Абри аритм иқәныҟәон 1950 шықәса рҟынӡа.

Амилаҭтә библиотека. - Sputnik Аҧсны
Ҷолариа: Амилаҭтә библиотека иаҭахыуп еиуеиԥшым аусзуҩцәа

"Абиблиотека аусура еиҭарҿыцхеит. Ашәҟәытә фонд еиздырҳаит. Абиблиотека иаиуит Ленин ихьӡ зху СССР Аҳәынҭқарратә библиотека аҟынтәи ҳамҭак аҳасабала ашәҟәқәа рацәаны", — иҳәоит Ҷолариа.

1960 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә библиотека Ареспубликатә библиотека ҳәа ахьыӡхоит.

"Абарҭ ашықәсқәа рзы ара аус луан Елеонора Бжьаниаԥҳа. Лара ҷыдала абиблиотекатә институт далгахьан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагаанӡа араҟа аус луан. Лара лылшамҭақәа шьардоуп. Лара лԥышәеи лдырреи абиблиотека арҿиараҿ ахәшьара уадаҩуп. 1970-тәи ашықәсқәа рзы лара лымшалоуп абиблиотека ахыбра ҿыц аргылара шхацыркхаз", ҳәа еиҭеиҳәоит Борис Ҷолариа.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭаз Иван папасқьыр ихьӡ зхыз Ареспубликатә библиотека атәыла иабиблиотека хаданы иҟан, амилаҭтә литература иаҵәахырҭан, иара аусура иадҳәалан атәыла егьырҭ абиблиотекақәагьы русурақәа.

"1992 шықәса жьҭаара 18 рзы Лакоба имҩа аганахьала абиблиотека аҿаԥхьа иаангылеит атанкқәа ҩба, ахыбра иаехсуа. Усҟантәи аамҭазы ақырҭуа гвардееццәа ирбылхьан Аҳәынҭқарратә архиви АБНИ ахыбреи.

Абиблиотека амцабз нақәҵәиаашеит, иара иаехсуазгьы ҳус ҟаҳҵеит ҳәа ԥхьаӡаны ицеит", — иҳәоит Ҷолариа.

Аха ааигәа инхоз абиблиотека аусзуҩцәа ирылдыршеит амца арцәара, абиблиотека аиқәырхара.

"Абиблиотека ахымца ажәырҵаанӡа иреиӷьыз ашәҟәқәа ықәыргахьан, шәи-ԥенџьыри ак аанмыжькәа иҿырххьан", — иҳәоит адиректор.

1995 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны Акультура аминистр Нодар Ԥлиеи Аԥыза-министр ихаҭы Иури Воронови, Аминистрцәа Реилазаара аусзуҩ Елеонора Агәмааԥҳаи иахьатәи абиблиотека адиректор изнеиит, абиблиотека анапхгара ихахьы игарц.

Борис Ҷолариа: XIX ашәышықәса иаҵанакуа ашьқаԥ еиқәҳархоит

"Сара ашкол аҟны сырҵаҩын, Аҟәатәи атипографиа сеиҳабын, аха уи абиблиотека ахагылара сылнаршоит ҳәа исшьомызт. Ус шакәызгьы шықәсык иназынаԥшуа аус аҭҵаара саҿын. Даара ацхыраара сырҭеит аколлектив аилазаара. Ҳара иҳалҳаршеит абиблиотека аиҭашьҭыхра. Шықәсыки бжаки ааҵуаны аԥхьарҭатә зал ааҳартит, аҩныҟа ашәҟәы агара азин ыҟамкәа", ҳәа игәалаиршәоит Ҷолариа.

Иахьатәи аамҭазы абиблиотека афонд иартәоит 450 000 шәҟәы.

"Ҳара ашәҟәқәа маҷны иааҳхәоит. СССР анеилаҳа ашьҭахь иҭрыжьыз рҟынтә ирацәаны алитература ҳмоуӡеит. Макьанагьы ҳфонд арҿыцрақәа аҭахны иҟоуп", — иҳәоит Ҷолариа.

Иара иажәақәа рыла Ареспубликатә библиотекеи Урыстәылатәи абиблиотекақәеи аус бзианы еицыруеит.

"Ҳара даара зхыԥхьаӡара маҷу ашәҟәқәагьы ҳамоуп. Ҳара иҳамоуп 1912 шықәса рзы иҭыҵыз раԥхьатәи аԥсуа шәҟәгьы", — иҳәоит Ҷолариа.

Иара иазгәеиҭеит аштат шмаҷу. Урҭ рхыԥхьаӡара иахьазы 59-ҩык ыҟоуп, аха 127-ҩык рҟынӡа иазырҳатәуп иҳәеит иара.

95 шықәса ирҭысыз Аԥсны Амилаҭтә библиотека иахьа ахыбра ҿыц иҩноуп, ҳаамҭа иақәшәо ирхиоуп. Ахыбра аремонт хацыркын 2012 шықәса рзы акомплекстә план иаҵаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0