Аслан Бжьаниа Аԥсны арранаԥхьара ааԥынтәи асезон ишалаго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

2021 шықәсазтәи ааԥынтәии ҭагалантәии арранаԥхьара аплан ииасыз амчыбжь азы ишьақәдырӷәӷәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрраҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа 2021 шықәса ааԥын-ҭагалан рзы арра рнаԥхьарази аррамаҵзура иахысыз аррамаҵзураҟынтәи рхы рақәиҭтәрази рзы" Адҵа инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны ҭагалантәии ааԥынтәии арранаԥхьара аплан нагӡам

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа "Арратә уалԥшьеи арратә маҵзуреи рзы", "Атәылахьчараз" шьаҭас иҟаҵаны ахада адҵа ҟаиҵеит 2021 шықәса мшаԥы 1 инаркны рашәара 30 рҟынӡа Аԥсны атәылауаа, 18-27 шықәса зхыҵуа аррахь инаԥхьазарц. Иара убри аан аррамаҵзура аҿҳәара зхызгаз рхы иақәиҭтәуп.

Аминистрцәа реилазаареи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи рнапы ианҵоуп ауснагӡатә адгылара арҭарц.

2021 шықәсазтәи ааԥынтәии ҭагалантәии арранаԥхьара аплан ииасыз амчыбжь азы ишьақәдырӷәӷәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрраҿы.