Арадио

Џьынџьал еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагыларазы Тҟәарчал иазгәарҭо аусура атәы

Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагыларазы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik

 

Џьынџьал еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагыларазы Тҟәарчал иазгәарҭо аусура атәы

"2015 шықәса шықәса рзы абри азҩа (амармалташьтә пты – аред.) ҳалалеит, есышықәса иацлон амҽхак, ҵыԥх аахыижьҭеи иагхо иаауеит. Аԥхьа аферомонтә кыгақәа анҳадыргала жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иҳаздырӡомызт ииашаны рхархәашьа. Урҭ аптқәа аҭыԥ ахь инанагоит, убасҟан ахәшә рықәҭәатәуп. Иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра рыҭалатәуп урҭ акыгақәа. Иааганы иқәыргыланы уцар акгьы аанагаӡом", - иҳәеит Џьынџьал.

 

Иара иажәақәа рыла, ахимиатә маҭәашьарқәа роуит амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рзы, амшқәа аԥхарра рыҵаны ақәа млеикәа иҟалар, жәамшҟа рышьҭахь аусурақәа мҩаԥыргарц ауп.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.