Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал амармалташьтә пты аҿагыларазы ахәшәтәрақәа ирызкны
"2015 шықәса шықәса рзы абри азҩа (амармалташьтә пты – аред.) ҳалалеит, есышықәса иацлон амҽхак, ҵыԥх аахыижьҭеи иагхо иаауеит. Аԥхьа аферомонтә кыгақәа анҳадыргала жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иҳаздырӡомызт ииашаны рхархәашьа. Урҭ аптқәа аҭыԥ ахь инанагоит, убасҟан ахәшә рықәҭәатәуп. Иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра рыҭалатәуп урҭ акыгақәа. Иааганы иқәыргыланы уцар акгьы аанагаӡом", - иҳәеит Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, ахимиатә маҭәашьарқәа роуит амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рзы, амшқәа аԥхарра рыҵаны ақәа млеикәа иҟалар, жәамшҟа рышьҭахь аусурақәа мҩаԥыргарц ауп.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.