Ажәытә аԥсуа ҳәамҭақәа: Гәдоуҭа имҩаԥысит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы аӡыргара

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы еиднакылеит аетнологиатә, афольклортә, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рмифтә ҳәамҭақәа жәпакы.
Sputnik

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны - ҳаб игәара, ҳара ҳӡааӡаз - ҳан лгара…" аӡыргара мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны.

Ашәҟәы еиднакылеит аетнологиа, афольклор, аԥсуа жәытә мифқәа еиқәырханы иаазгаз амҳаџьыраа рхылҵшьҭра рҳәамҭақәа.

Ажәытә аԥсуа ҳәамҭақәа: Гәдоуҭа имҩаԥысит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы аӡыргара

Ари ашәҟәы аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба аус адиулон 50 шықәса раахыс. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи иареи аимадара бзиа рыбжьан асовет аамҭа инаркны.

"Аԥсны иқәынхо аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара амаҷра зыхҟьаз еиҳарак Кавказтәи аибашьра ауп, амҳаџьырцәа рышьҭахь ирацәахеит ақьаԥҭажәқәа. Урҭ рыбзазашьа, рбызшәа, рҵас, рҭоурых атәы иахьа уажәраанӡа, аҵыхәтәанынӡа иҭҵааны иҳамаӡам. Схәыҷаахыс уи аҭоурых маҷк иадамхаргьы аҭҵаара сазҿлымҳан. Санстудентыз ҳџьынџьуаа ԥшааны, сыҽрымаздо салагеит. Ус-ус исызцәырҵуаз, сзыргәамҵуаз азҵаарақәа рыҭара сҽазысшәеит. Нарҭаа рфырхаҵаратә епос асиужет иадҳәаланы исзеидкылаз аматериал анылеит ари ашәҟәаҟны", - ҳәа иҳәоит ашәҟәы автор.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи адиректор ихаҭыԥуаҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа ашәҟәы аӡыргара аартуа, иазгәалҭеит, ари даараӡа акыр зҵазкуа ҭоурыхтә хҭыс шакәу Аԥсуа жәлар зегьы рзыҳәан.

"Иҭыҵит акыр шықәса ԥхӡашала, 50 шықәса раахыс инеиԥынкыланы аус зыдулаз аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа еизызго, Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы. Ари ашәҟәы бџьаруп, изызҳауа абиԥарақәа реимадаразы даараӡа акраҵанакуеит, ҳҭоурых бла ҵаулала ҳагәыланарԥшуеит", - ҳәа дазааҭгылоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Џьапуа аҵарауаҩ Руслан Гәажәба изы: ихы- иԥсы дазымхәыцкәа аԥхьа аус иргылоит

Аетнолог Марина Барцыцԥҳа лажәақәа рыла, ашәҟәы еиднакылеит иуникалтәу ажәытәӡатәи Нарҭаа рфырхаҵаратә епос иазку анҵамҭақәа. Ҿырԥшыс иаалгеит Нарҭ Сасрыҟәа агәылшьап дахьақәԥо атәы.

"Анҵамҭа асиужет даара акыр зқьышықәса ахыҵуеит. Ацыԥҵәаха урыс бызшәала еиҭаганы адунеи иаҳаратәы арадио ала иддырҳахьеит. Агәылшьапқәа рыхьӡқәа уамашәа иубартә иҟоуп. Агеологцәа, апалеонтологцәа, ари аҩыза ажәытәӡатәи агәылшьап хьыӡқәа ахаан ирмаҳаӡацызт, цәгьа иаршанхеит. Ари аҩыза анаукатә ҭҵаара хәы змаӡам малуп Аԥсны жәлар зегьы ҳзыҳәаны. Руслан илшеит уи зегьы еиқәырханы, иахьа ҳаԥхьартә, иаҳбартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳзаԥҵара", - ҳәа азгәалҭеит Марина Барцыцԥҳа.

Ажәытә аԥсуа ҳәамҭақәа: Гәдоуҭа имҩаԥысит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы аӡыргара

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба игәаанагарала, ари аҩыза ашәҟәы хәы змам малуп, саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо, хымԥада иаԥхьа иқәзароуп:

Гәажәба еиҭеиҳәеит аԥсуаа рышьҭамҭа атәы Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра аԥҵараҿы

"Аиашазыҳәаны, ари ашәҟәы иҳанаҳәо, иҳаилнаркаауа даараӡа ирацәоуп. Руслан Гәажәба иоуп Аԥсны раԥхьаӡа ҳџьынџьуаа рфольклор аизгара нап азыркыз. Раԥхьаӡа акәны ҳаибадырит 1976 шықәсазы. Усҟан сыстудентын, Аԥсныҟа иааны иҟаз ҳџьынџьуаа рдиаспора дрылагылан длашаӡа. Ижәлар рахь имаз агәыблыра унырратә еиԥш ихы мҩаԥигон, ихы-иҿы ихаччо дрылагылан иџьынџьуаа. Ари ашәҟәы аҭыҵра даараӡа акраҵанакуеит амилаҭ хдырразы, аизҳаразы, аӡрыжәразы", - ҳәа иҳәоит иара.

Руслан Гәажәба ишәҟәы ҭыжьын 2020 шықәсазы, арепатриациа ахеилак ацхыраарала. Атираж 500 цыра аекземплиар ыҟоуп.