Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа аҵарауаҩ Руслан Гәажәба изы: ихы- иԥсы дазымхәыцкәа аԥхьа аус иргылоит

© SputnikАркади Џьапуа
Аркади Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ииубилеи идныҳәало, иаликааит уи иаамсҭашәара, инапы злаку аус иазнеишьа.

Аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, апублицист, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Руслан Ҳаџьараҭ–иԥа Гәажәба иахьа 70 шықәса ихыҵит.

Џьапуа аҵарауаҩ Руслан Гәажәба изы: ихы-иԥсы дазымхәыцкәа аԥхьа аус иргылоит

"Руслан Гәажәба уаҩык иаҳасабала даамсҭашәоуп, аԥсуа хаҵа хазына иоуп. Иџьабаа акыр ирацәоуп аԥсуа ҭоурых аҭҵаараҟны. Хықәкыла инапы алакуп ХIХ ашәышықәсазы Аԥсны иахҭнагахьоу аҭҵаара, ашәҟәы бзиақәа рҭыжьра даҿуп. Ҳара ҳастудентцәаны ҳаныҟаз иара иахь ҳаауан амузеи ахь, ҳиазҵаауан ҳгәы иҵхоз азы, иара даԥхьагылаҩын, аԥхьаҟагьы ԥхьагылара Анцәа ииҭааит, иахьагьы ус ауп. Сара насыԥ дуны исыԥхьаӡоит иахьа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аколлектив аҿы дахьыҟоу, иира амш ныҳәак еиԥш идаҳныҳәалартә алшара ахьыҟоу. Иахьа ихыҵыз аҟара даҽа 70 анихыҵуа аамҭазы игәы бзиа, ҳауаажәлар идныҳәало иҟалааит.

Сынтәа "Амузеи аҵх" азы Руслан аҟәша хазына ааиртит. Амузеи анаҩсгьы иара Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуеит. Гәык-ԥсыкала изыҟоу иуаажәлар зегьы игымкәа Анцәа дҟаиҵааит, аԥеиԥш бзиа ииҭааит. Иара амузеи ахь данааиуа иҩналашоит. Руслан ихы иагыжьны дызҿу аус иазикуеит, дзыхьӡахьоу рацәоуп, аҟара ҩба дахьӡартә  иҟалааит", - иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0