Аԥсны аҵара аминистрра Галтәи ашколқәа рҟны аинспекциа мҩаԥнагеит

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра Галтәи ашколқәа рҿы аинспекциа мҩаԥнагеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5- Sputnik. Гал араион ашколқәа рырҵаҩцәеи рҵаҩцәеи рыбжьара акоронавирус алаҵәара амам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аҟазауҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.

Ҩышықәса рыла абызшәа аҵара: "Аԥсны агәадура" афиналист Гал апроект шымҩаԥиго

Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла аинспекциа рызуын араион ақалақьтәии ақыҭатәии школқәа. Иазгәаҭан асанитартә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо. Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит ашколқәа бжьажьрада ахәыҷқәа рҭаауеит ҳәа.

"Агәаҭара иахықәкны иҟан аҭыԥ аҿы ацхыраара аура, араион аҿы аҵараҵаратә усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа астратегиа аус адулара", - лҳәеит лара.

Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла араион аҿы аԥсуа бызшәа аҵара проблеманы иҟоуп. Лара лгәаанагарала ашкол ҷыдақәа рыргыларазы иҟоу апроектқәа рымҩаԥгара заауп, апроблемақәа ӡбтәуп имариоу ӡбрала –атематикатә ҭӡыгазеҭқәа рҭыжьра, Аԥсны ахсаала акнаҳара, алабҿабатә хархәагақәа аҭыԥ рзыԥшаара уҳәа реиԥш иҟоу рыла.

Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит иҟоу апроблемақәа рҿы активла ацхыраара шыҟарҵо араион аҵара аҟәша аусзуҩцәа, ашколқәа рнапхгаҩцәа, гәыла-ԥсыла аԥсуара аларҵәара зуси зԥышәеи азку.