Аԥсны иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа хыџьара абылрақәа ҟалеит

Амцарцәара иалахәын Гәдоуҭа ақалақь амцарцәаратә хәҭақәа ԥшьба, Гәылрыԥшь араион амцарцәаратә хәҭақәа ҩба.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа хыџьара абылрақәа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА асаит.

Мшаԥы 5 азы Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭан уаҩ дызхымыз аҩны амца акит. Абылра шыҟалаз азы адырра ҟаҵан асааҭ 03. 26 минуҭ рзы. Амцарцәаратә машьынақәа аннеи ахыб зегьы амца акхьан.

Амцарцәара иалахәын Гәдоуҭа ақалақь амцарцәаратә хәҭақәа ԥшьба. Аҩны хәҭак блит, аӡәгьы ааха имоуит.

Мшаԥы 4 рзгьы аҽа ҩ-былрак аҭыԥ рыман. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан аҩнеихагыла амца акит. Абри азы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ 14:41 минуҭ рзы. Амцарцәаҩцәа ирылшеит уадак ада егьырҭ реиқәырхара. Аӡәгьы ааха имоуит.

Иара убри аҽны, мшаԥы 4 рзы Гәылрыԥшь араион Цҟыбын ақыҭан ахатәы ҩнеихагыла амца акит. Амцарцәаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит асааҭ 14:58 минуҭ рзы. Гәылрыԥшь араион амцарцәаратә хәҭақәа ҩба ирылшеит аҩны ахыб ада аиқәырхара. Араҟагьы ԥсыҭбара ҟамлеит.